Sputnik амчыбжь: Апарламент ахь алхрақәа, ААР аҿаԥхьа амитинг, аветеранцәа рыпроблемақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГолосование за рубежом по внесению изменений в Конституцию РФ
Голосование за рубежом по внесению изменений в Конституцию РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари амчыбжь азы имҩаԥысит ԥшь-округк рҿы Апарламент ахь алхрақәа, Аслан Бжьаниа аиустициа аминистр даиҭеит, иаартуп Егры аӡиас ала аамҭалатәи акоридор. Ииасыз амчыбжь иҵегь излаҳгәалашәо – есымчыбжьатәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ахҳәааҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Апарламент ахь алхрақәа

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны имҩаԥысит алхрацҵақәа. Асааҭ 18:00 рзы алхрақәа ауаа рнеирала имҩаԥысхьан.

Абжьыҭарақәа мҩаԥысуан:

Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы абжьыҭара хыркәшоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент ахь аиҭалхрақәа рҿы абжьыҭара хыркәшоуп

Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи;

Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 ала Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас иқәгылоуп Робесҭан Габлиеи Алмасхан Барцыци;

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала - Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи;

Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 ала - Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба.

Ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа иахьӡатәуп

2017-2019 шықәсқәа рзтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аԥаразоужьра ззыҟанаҵо аобиектқәа рҿы аусурақәа ԥхынгәымза нҵәаанӡа ихыркәшахоит.

Аинвестпрограмма иарбоу Гагра аобиектқәак амза нҵәаанӡа еиҭашьақәдыргылоит>>

Арахь иаҵанакуеит Гагратәи апарк арҽеиреи Аколонада аиҭашьақәыргылареи. Аусурақәа аграфик ҿыц иақәыршәаны имҩаԥысуеит. Аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа лажәаәқа рыла анардадаҩцәа 2020 шықәса ԥхынгәы 31 рҟынӡа аусурақәа ирыхьӡоит.

Аҽа "коридорк"

Аԥсны аганахь ала иаартхоит аҽа гуманитартә коридорк аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа рзы.

Архивное фото пограничной заставы на абхазско-грузинской границе в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Қырҭтәылеи иареи рҳәааҿы аамҭала акоридор аанартуеит

Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи иқәынхои рзы акоридор аадыртуеит абарҭ арыцхәқәа рзы:

Ԥхынгәы 13 - 15, 2020 шықәса рзы асааҭ 9:00 инаркы 19:00 рҟынӡа аҭыԥантәи аамҭа инақәыршәаны;

Ԥхынгәы 16 - 17, 2020 шықәса рзы асааҭ 9:00 инаркы 15:00 рҟынӡа аҭыԥантәи аамҭа инақәыршәаны.

Қырҭтәылантәи ихынҳәуа атәылауаа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп".

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит анаҩстәи адокументқәа рымазаараан:

  • ҳтәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Акруиза ҟалом

"ИАЕ "Черноморские круизы" адыррақәа рыла, 2020 шықәса ԥхынгәы 3 рзы Аӷба "Князь Владимир" 2020 шықәсазтәи анавигациахь Аҟәа амшын баӷәаза аҭалара аҵанакуам акоронавирустә инфекциа COVID-19 иадҳәалоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны ҳәа рҳәеит Аԥсны амшынӷбаныҟәара аусбарҭаҿы.

"Князь Владимир" 2020 шықәса рзы Аҟәатәи абаӷәазахь иҭалом>>

"Князь Владимир" 2021 шықәса рзы Аҟәаҟа аара адҳәалахоит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟало аепидемиологиатә ҭагылазаашьа.

Аҽа министркгьы дшьақәырӷәӷәоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала Анри Барцыц аиустициа аминистрс дҟаҵоуп. Абри азы аусдҵа анапы аҵаҩын ԥхынгәы 6 рзы.

Уаанӡа ари аҭыԥ нылкылон Марина Ԥлиаԥҳа.

Ареис Аҟәа-Ԥсҳәы

Уажәшьҭарнахыс ашьхақәа иргәылоу ақыҭа Ԥсҳәы анеира мариахоит. Ԥхынгәы 7 рзы аусура иалагеит раԥхьатәи амаршруттә реис Ԥсҳәы-Аҟәа.

Первый рейс по маршруту Сухум-Псху - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхтә мшы: Ԥсҳәы-Аҟәа амаршрут аусура иалагеит

"ГАЗ" амарка иатәу автомашьына миллион мааҭ ҳәа иаанахәеит Аҟәа араион ахадара. Аҳҭнықалақьи ақыҭеи рытранспорттә еимадара шьақәыргылоуп аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны.

Амашьына 17 тәарҭа ҭыԥ амоуп. Амҩа ахәԥса 700 мааҭ ыҟоуп. Шәлымба ишиҳәаз ала, ареисқәа рымш ақыҭа ахадареи ауааԥсыреи рақәшаҳаҭрала ишьақәырӷәӷәахоит. Макьаназы атранспорт мчыбжьык ахь знык иныҟәалоит. Атәыла аҳҭнықалақьи ақыҭеи рыбжьара асовет аамҭақәа рзынгьы ари аҩыза аимадара ыҟамызт.

Зыхәба Ԥсҳәи Аҟәеи ареис рыбжьаҵаразы: акоммунистцәа рхаангьы уи аҩыза ыҟамызт>>

"Аӷьыч идгыларазы" амитинг

Ахаша, ԥхынгәы 8 рзы Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа ззин ыҟамыз амитинг еиҿкаан Ҭенгьиз Лакербаиа аамҭалатәи аанкыларҭаҿ иҟазаара инадҳәаланы. Амитинг ахь инеиит 30-ҩык рҟынӡа. Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар иажәақәа рыла, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа 30-ҩык рҟынӡа ауаа еизеит ауаа реизара ҵаҵӷәыс иаман Тенгулиаш ҳәа хьыӡ ҷыданы измоу Ҭенгьиз Лакербаиа иаанкылара аҭагылазаашьа. Дара ақәшаҳаҭым егьырҭ абаандаҩцәа реиԥш дахьҭаку ҳәа.

Амитинги арбаандаҩреи: Дбар Аԥсны ААР ахыбра аҿаԥхьа ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит>>

Амилициа аусзуҩцәа еизаз рахь аҳәара ҟарҵеит еимпырц азы, аха дара уи иахымхәыцит. Абри ашьҭахь амитинг аԥшьгаҩцәа аанкылан..

Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар иазгәеиҭеит иаанкылоу рыхәҭа ишақәыршәахо.

Аԥсуа журналистика азхаҵара

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рфедерациахь ирыдыркылеит ассоциациа алахәылак аҳасаб ала ԥхынгәы 9 рзы. Ари ахҭыс ҟаларц азы ареспублика ажурналисттә еилазаара ҩышықәса аџьабаа адырбалеит.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг: аԥсуа журналистика жәларбжьаратәи азхаҵара аиуит

Ажурналистцәа Жәларбжьаратәи рассоциациа ажурналистцәа рџьатәи, рсоциалтәи, рекономикатәи зинқәа ахьчоит.

Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ари аилазаара ралалара аԥсуа журналистика азхаҵароуп иаанаго – арицхыраароуп, еизыҟазаашьа ҿыцуп, азанааҭ аԥыжәара аҭароуп.

"Аҟәа-Банк" vs "Аԥсныбылтәы", "Апсныпресс"

Акоммерциатә банк "Аҟәа-Банк" аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәи" аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Апсныпресси" ирзашшит ахьӡ-аԥша ахьчаразы.

Азашшара мзызны иаиуит "Аԥсныбылтәы" абанк аганахь ала амаҵзура "Апсныпресс" аҿы иҟанаҵаз адыррақәа.

Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныбылтәы" "Аҟәа-Банк" ахара аднаҵеит анапаҵаҟа иҟаз аиҿкаара "Гудаутская нефтебазеи" иареи изакәанмыз акредиттә еилаӡара рыбжьарҵеит ҳәа.

Аветеранцәа рыпроблемақәа

Ԥхынгәы 10 рзы "Аибашьра иалахәыз аҳәса –инвалидцәа рассоциациа" алахәылацәа аԥыза-министр иахь аҳәара ҟарҵеит аиҿкаара аштаттә зыԥҵәа инақәыршәаны аулафахәы иршәо ааныжьзарц.

Анкваб и Фонд инвалидов - Sputnik Аҧсны
Ареформақәа, аудит, ацқьара: Ахымхәацәа рфонди Аминистрцәа Реилазаареи шеицәажәаз

Аиҿкаара аҟәатәи арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Лариса Ҭарԥҳа лажәақәа рыла ассоциациа акоординациатә гәыԥ алахәылацәа хымз инарзынаԥшуа аулафахәы роуам. Уи адагьы ассоциациа ахаҭарнакцәа наԥхьамызт Аминистрцәа реилазаараҿ имҩаԥгаз Афонд алахәылацәа рԥыларахь.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд мызки бжаки ҵуеит архивқәеи адокументқәа ргәаҭара иаҿуижьҭеи. Уи агәаҭара иалагеит аветеранцәа рхаҭақәа Афонд аҟынтәи изакәанымкәа альготақәа зауа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа агәаанагара ахьрымоу азы иахьашшуаз иахҟьаны.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд апроблемақәа ирылацәажәон Аминистрцәа Реилазаараҟны аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рраионтә ассоциациақәа рхаҭарнакцәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ахымхәацәа рфонд анапхгареи алархәны.

Арҿиаратә ҩаӡарақәа

Аԥсуа режиссиор Инал Нарманиа зметраж кьаҿу икиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" аиааира агеит урыстәылатәи акино онлаин-фестиваль "Большой экран" аҟны.

Афильм азы рыбжьы рҭииз ахәаԥшцәа реиԥш ажиури алахәылацәагьы. Уажәшьҭа иара акинотеатртә ҳа "Мираж Синема" аекран ҭбаахь инеиуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0