Даур Ақаҩба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Кове
Даур Кове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Даур Ақаҩба Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан 2016 шықәса жьҭаарамза аахыс.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Даур Ақаҩба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵаразы ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Даур Вадим-иԥа Ақаҩба диит хәажәкыра 15, 1979 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Аҟәа ақалақь аҿы.

2000 шықәса рзы Башкиртәи аҳәынҭқарратә университет, "Азиндырратә" факультет далгеит (азанааҭ – "адәныҟатәи економикатә усура азинтә еиқәыршәара").

1995-2000 шш. – ареферент, Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Ахаҭарнакраҿы абжьгаҩ.

2000-2009 шш. – Ареспублика Башкортостан аҿы Аԥсны Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ахаҭарнак.

2005-2006 шш. – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы.

2006-2010 шш. – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ.

2010-2011 шш. – Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аиҳабы.

2012 шықәса лаҵарамза инаркны абҵарамзанӡа – Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аусбарҭа азинтә ҟәша аиҳабы.

2012-2014 шш. – Урыстәылатәи Икоммерциатәым Афонд "Институт Евразийских исследований" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

2014 шықәса – Аԥсны Ахада ипротокол Аусбарҭа аиҳабы.

2016 шықәса жьҭаарамза инаркны – Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0