АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Урыстәыла жәлар рартист, аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" алахәыла Николаи Басков Аԥсны ахшара рацәа змоу рыцхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥигоит. Абри атәы иҳәеит ашәаҳәаҩ ихаҭа иҟаиҵаз авидеоҳәамҭаҿы.
"Аиҿкаара аԥҵан 2017 шықәса рзы. Иара имҩаԥнагоит Аԥсны аԥхьагыла қәыԥшцәа рыдгылара, аԥсу абызшәа, акультура жәларбжьаратә аренаҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәарала аҿиара ацхыраара аҭара. Сынтәа, Аԥсны аҩызак иҳасаб ала Аԥсны ахшара рацәа змоу рыцхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥызгоит", - иҳәеит иара.
Аилазаара ҿыц 20-ҩык алахәхеит: аԥсуа ган аҟынтәи жәаҩык, аурыс ган аҟынтәгьы убри аҟара. Едгар Ӷәазаа "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" Афонд директорс дыҟоуп.
Аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" актәи аилазаара аԥҵан 2017 шықәса рзы. Иара иалахәын Урыстәылеи Аԥсни рҟынтә актиорцәа, арежиссиорцәа, аспортсменцәа ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа.
Аиҿкаара "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" шьаҭаркын Москва, 2017 шықәса рзы. Иара агәабзиарахьчареи, аҵарадырреи, аспорти русхкқәа рҟны агуманитартә проектқәа мҩаԥнагоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Аԥсны Агәыҳалалра ацҳаражәҳәаҩцәа" реилазаара ҿыц шьақәыргылоуп