Аԥсны акоронавирус амазааразы рхы гәарҭеит 205-ҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа ҟалеижьҭеи адунеи аҿы 14 миллионҩык инареиҳаны акоронавирус шрыхьыз шьақәырӷәӷәоуп, 7-миллионҩык ргәы бзиахеит, 600-нызқьҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 205-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус амазааразы рхы гәарҭеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абиоматериал змыхыз рахьтә акоронавирус адиагноз аӡәгьы изышьақәыргыламызт ҳәа азгәаҭоуп аоперативтә штаб адырраҿы.

Иахьазы Аԥсны зынӡа акоронавиурс рыдырбалахьеит 38-ҩык. 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0