Жәлар рашәақәеи аклассикеи: ахортә капелла Абираҟ амшазы аконцерт мҩаԥнагоит

© Sputnik / Максим Блинов Выступление Абхазской государственной хоровой капеллы в Большом зале Московской консерватории имени Чайковского
Выступление Абхазской государственной хоровой капеллы  в Большом зале Московской консерватории имени Чайковского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт аҟны инарыгӡоит аԥсуа жәлар рашәақәеи аҳәаанырцәтәи аклассикеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Ԥхынгәы 23, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амш азы Аҳәынҭқарратә хортә капелла аныҳәатә концерт мҩаԥнагоит Аԥсуа драматә театр аконцерттә зал аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акапелла адирижиор Нодар Ҷанба.

Аԥсуа драматә театр ҳамҭас иарҭеит миллион мааҭ иаԥсоу ароиаль - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа драматә театр ҳамҭас иарҭеит миллион мааҭ иаԥсоу ароиаль

"Аконцерт аҟны инагӡахоит аԥсуа жәлар рашәақәеи аҳәаанырцәтәи аклассикатә рҿиамҭақәеи. Ари аконцерт аинтерес злаҵоу даҽакгьы ыҟоуп: уи далахәхоит адирижиор қәыԥш, Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аҩбатәи акурс астудент Барас Кәыџба. Аконцерт аӷьырак дирижиорс дамазаауеит акапелла асахьаркыратә напхгаҩы, уи адирижиор хада Нора Аџьынџьал", – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Нодар Ҷанба агәра ганы дыҟоуп аконцерт ахәаԥшцәа рҟынтә азҿлымҳара бзиа шаиуа, еиҳаракгьы иара ахьымҩаԥысуа азал иуникалтәу акустика амоуп азы.

"Ари азал аҟны игылоуп америкатәи афирма "Steinway & Sons" иатәу амузыкатә арҳәага шьахә", – иҳәеит ахортә капелла адирижиор. Иара иажәақәа рыла, ари ароиаль аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟам Аԥсны, аконцерт аҟны аԥҵамҭақәак иара ацырӷызрала инагӡахоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0