1200-ҩык инареиҳаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит агуманитартә коридор ала

© Sputnik / Томас ТхайцукГрузино-абхазская граница
Грузино-абхазская граница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны иаартыз агуманитартә коридор аартын ԥхынгәы 13-17 рзы аамҭала Қырҭтәыла иҟаз Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы.

АҞӘА, ԥзынгәы 19 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. 1200-ҩык инареиҳаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәит агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны иаартыз агуманитартә коридор ала, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов.

"Ԥхынгәы 13-17 рзы иаартыз агуманитартә коридор ала иааит 1269-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы рыманы 133-ҩык аҳәаа иахысит, анхаразы ашәҟәы рыманы - 813-ҩык, аилыркаага "аформа № 9" - 148-ҩык, зықәра намӡац аиразы аршаҳаҭга рыманы - 175-ҩык. Иахьатәи аамҭазы акоридор аусура иаҟәыҵхьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Латипов.

Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны аиҳабыра ҩынтә агуманитартә коридор еиҿнакаахьеит Қырҭтәыла аамҭала иҟоу Аԥсны атәылауаа хынҳәырц азы. Агманитартә коридор аусура аамҭа иалагӡаны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иахысны арахь иаахьеит лаҵара 26-31 рзы - 532-ҩык, рашәара 22-24 рзы - 1111-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0