Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәба Борис Гәыргәлиа изы: даԥсыуа дуун, агәы иман, ахы иман

© SputnikАнзор Мукба
Анзор Мукба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 20, 1935 шықәса рзы диит апоет, апрозаик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаажәларратә усзуҩ Борис Гәыргәлиа. Ашәҟәыҩҩы, адраматург Анзор Мықәба арадио Sputnik аефир аҿы Борис Гәыргәлиа дигәалаиршәо, иҳәеит насыԥны ишиԥхьаӡо уи аус ицура ахьиаҭәашьахаз.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Мықәба Борис Гәыргәлиа изкны

Иахьа Борис Гәыргәлиа иԥсы ҭазҭӷьы, ихыҵуазаарын 85 шықәса.

"Борис Гәыргәлиа сара схәыцраҿы дагьпоет бзиан, дагьпублицист бзиан, аха сара раԥхьа Борис иӡбахә анырҳәо иуаҩрала сазнеиуеит. Ари, иҵабыргны, даԥсыуа дуун, агәы иман, ахы иман. Иара еизарак ыҟоума, аԥсуа зҵаара иалацәажәома, ақырҭқәеи ҳареи ҳбааԥсны ҳаныҟаз аамҭа аума, ауаҩы агәаӷьра иман, ахаҵа игәаӷьра иман, иажәа аартын, иааԥҵәаны иҳәон, днавала-аавало акәымкәа, ҩысҭаарыла акәымкәа… Иаартыз уаҩын, дагьцәажәаҩ дуун. Ҳәарада, ирҿиамҭақәа уи рнымԥшырц залшомызт. Иажәеинраалақәа, аибашьра ашьҭахьтәи роума, заҟа иҵауланы, заҟа апоезиа ацәа аҟәынны, ахьаа ду ацны иҟоу, ас еиԥш зылшо апоет асахьаркра аҟаза ду иоуп. Иахьагьы Борис Гәыргәлиа иеиԥш иҟоу ауаа ҳагуп, ажәлар рҿахәы зҳәо имшәакәа, иаартны", - ҳәа азгәеиҭеит Мықәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0