Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аӡынба: акы угәы иамыхәаргьы, уԥсадгьыл ахь нхара уахьыхынҳәыз уахьымхәроуп

© Foto / Афото Еркәыт Аӡынба иархив аҟынтәиЕркут Адзинба
Еркут Адзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион, Маҷара ақыҭан инхо Еркәыҭ Аӡынба арадио Sputnik аефир, арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит шықәсқәак раԥхьа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара дшааз, иахьа ибзазашьоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аӡынба Аԥсныҟа нхара иаара атәы

"Раԥхьа Аԥсныҟа санаа, асовет ҳәынҭқарра аныҟаз аамҭазы ауп, 1990-тәи ашықәс. Усҟан 16-ҩык ҳаицны ҳааит, жәамш Аԥсны ҳанхеит. Уи аахыижьҭеи схы иҭан еснагь Аԥсныҟа агьежьра, быжьшықәса раԥхьа Анцәа исаҭәеишьеит. Уи сахьымхәӡеит. Ара иҟоу абзиарагьы, ацәгьарагьы, ауадаҩрагьы, агәырӷьарагьы ҳара иаҳтәуп, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит. Акы угәы иамыхәеит ҳәа уахьхәыр ҟалаӡом. Уеизгьы ҳгәы иамбаз ҳәа ирацәам, еиҳарак абзиарақәа роуп иаҳбо ҳәа сазхәыцуеит. Аҳәынҭқарра аганахьала, ҳахьынхо ауадақәа ҳарҭеит, ҳаргьы ҳацхрааны ҳанхартә иҟаҳҵеит. Аус аганахьала Очамчыра абаӷәазаҟны сашьа Таифун Арӡынба икомпаниа салахәуп, аус еицаҳуеит. Ауаҩы иԥсадгьыл ахь данааи, иашьцәа ибар, идгылазар иҭаххоит. Атәымуаа реиԥш дынхозар ихала, даара ицәгьоуп. Агәыбылра аҭахуп ҳара ҳганахьалагьы, ара инхо ҳашьцәа рганахьалагьы. Уи хәыҷык иаҳцәыӡызшәа збоит", – иҳәеит Аӡынба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0