Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа Абираҟ амш иазку аныҳәазы: имҩаԥаҳамгар алшаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа
Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны Абираҟ амш шазгәаҭахо.
Кәыҵниаԥҳа Абираҟ амш азы: иазгәаҳамҭар алшаӡом

"Есышықәса инарҭбааны иазгәаҳҭон, аха сынтәа зегьы иаҳдыруеит ҳалшарақәа змаҷхаз, аҭагылазаашьа шыҟоу. Ус шакәугьы, аныҳәа мҩаԥгахоит, имҩаԥаҳамгаргьы залшаӡом. Уи анапы алакуп Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы, Акультура аминистрра, ҳара ҳдепартамент, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, зегьы ҳаидгыланы еиҿаҳкаауеит. Аԥшаҳәаҟны аҿарацәа абираҟ кны аныҟәара рхы аладырхәуеит, аконцерттә программа дук акәымкәа, ус ашәаҳәара, акәашара амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аԥхьа. Абираҟ амш азы убасгьы ҳдепартамент имҩаԥнагоит амаланыҟәа абзиабаҩцәа алархәны аиԥхныҩлара. Уи зхы алазырхәуа ахәылбыҽха ҳара ҳахь аԥшаҳәахьы инеиуеит. Ҳгәы иҭоуп убасгьы аҿар ԥыҭҩык ҳаманы Кәтол ақыҭахь ҳцарц, ҳбираҟ автор Валери Гамгьиа инышәынҭра ҳаҭаарц. Аҟәа Абираҟ амш иазку ауснагӡатә зхы алазырхәырц зҭаху абираҟқәа кны, амилаҭ маҭәа рышәҵаны, ахәылбыҽха асааҭ 7 рзы Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтәи Аԥсуа театр ахь инеир рылшоит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0