Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳапат аурыс-аԥсуа ҳәаа аартразы: даҽа хәыҷык ҳааԥшыроуп ҳәа сахәаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНизам Хапат
Низам Хапат  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Низам Ҳапат арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра азҵааразы игәаанагара иҳәеит.
Ҳапат аурыс-аԥсуа ҳәаа аартразы игәаанагара иҳәеит

Ауаажәларратә палата аилатәараҟны иалацәажәеит ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны Аԥсны акурорттә сезон шалмыршахаз. Ареспублика аекономика ас еиԥш аҭагылазаашьаҟны ааха ду аиуеит. Аиԥылараҟны убри аан иазгәарҭон, аҳәаа аартраан ишхымԥадатәу ачымазара ҿкы алаҵәара алмыршара.

"Убас еиԥш аҭагылазаашьа ҳҭагылоуп, ганкахьала - агәабзиара, даҽа ганкахьала - аекономика аҭагылазаашьа. Рыҩбагьы уадаҩра дуӡӡоуп. Сара абизнес аганахьала атуризм снапы алакуп, сусура аанкыланы иҟоуп, аха иаҳҳәап, аҳәаа ааҳартит, аԥсшьаҩцәа ааны ачымазара дәықәлар, лшарас, мчыс иҳамои? Иаҳгәалашәоит аԥхьа акарантин аан аџьармыкьақәа, адәқьанқәа зегьы шаркыз. Ҩаԥхьа ус иҟалар, уи еидара дуӡӡоуп, даара ишәарҭоуп. Егьыс, хымԥада, атуризм иадҳәалоуп ҳекономика, атуризм локомативуп уи азы, уи адагьы ҳекономика ԥхьаҟа цашьа амам. Сгәаанагаразы саҭарымҵааит, аха сахьахәаԥшуа еиҭа хәыҷӡак иааҳачҳап, ҳааԥшыроуп ҳәа сахәаԥшуеит, избанзар Шәача, Краснодар ҿыц ахҭысқәа ыҟоуп. Даҽа жәохәымшҟа иацаҳҵап, нас иҟало ҳбап ҳәа агәаанагара сымоуп", - иҳәеит Ҳапат.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0