"Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аҟны арзаҳалқәа рыдкылара иаҿуижьҭеи мызк ҵуеит. Иҳамоуп аҟәшақәа: афельдшертә ус, амедицинатә еиҳәшьцәа рус, аԥҭекатә ус, астоматологиа. Иҳаман алабораториатә ус, аха арзаҳалқәа аӡәгьы иалеиҵомызт, ирҭахым аҟынтә иаанаҳкылар акәхеит. Сынтәеи ҵыԥхи арзаҳалқәа ралаҵара еиҿҳарԥшуазар, иаҳа еиҵоуп, иахьазы 70-ҩык иаларҵахьеит, ҵыԥх уажәааны 95 раҟара арзаҳалқәа ҳадаҳкылахьан. Адкыларатә комиссиа нанҳәа акынӡа аус аулоит, анаҩс аԥышәарақәа ирылагоит. Аиҿцәажәарала аԥышәара мҩаԥгахар ҟалоит "амедицинатә еиҳәшьцәа рус" аҟәшаҟны, убасгьы "астоматологиа аус" аҿы. Аицлабра ыҟоуп "аԥҭекатә ус" аҟны, уа иаарԥсыҽны аԥышәара мҩаԥаагоит, "афельдшертә" ус аҟынгьы аԥышәара ҟалоит ҳәа ишьақәыргыланы иҳамоуп", – лҳәеит Ламиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аколлеџь аҭалара инеиуа абитурентцәа рдыррақәа есышықәса иаҳа-иаҳа иԥсыҽхоит ҳәа. Еиҭалҳәеит астудентцәа шаҟа мааҭ ахыршәаауа амедицинатә коллеџь аҟны аҵара, хәыда-ԥсада аҵара заур зылшо азусҭцәоу.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.