Леон Қриа ихәышәтәразы афонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Марианна КубраваПодопечный фонда Ашана Леон Кирия
Подопечный фонда Ашана Леон Кирия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва Агәабзиарахьчара адепартамент аҭҵаарадырра-практикатә Центр аҿы быжьшықәса зхыҵуа Леон Қриа ихәышәтәразы 250 000 мааҭ аҭахуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Леон Қриа ихәышәтәразы аԥареизгара иалагеит ԥхынгәы 22 рзы.

Леон иҩызцәа дызлариеԥшым ак идубалом, аинтерес кны дрыхәаԥшуан ажурналистцәа рмикрофонқәа, рдиктофонқәа. Леон иан Шьазина лажәақәа рыла, атехника аинтерес имоуп. Иан длыҳәахьеит амашьына ҳамҭас изаалхәарц.

© Sputnik / Марианна КубраваЛеон Қриа иан длыцны
Леон Қриа ихәышәтәразы афонд Ашана аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Леон Қриа иан длыцны

Леон ипроблемақәа убоит еиҳа уанизааигәахалак – ицәажәара ԥкуп, аиҳаракгьы атәымуаа рыҟны. Москватәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы Леон изықәдыргылеит адиагноз: "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ".

Леон хышықәса анихыҵуаз уахынла иԥсы еивҵахо далагеит. Абри ашьҭахь ауп атәыла анҭыҵҟа данырга. Маҷк иҭагылазаашьа шеиӷьхазгьы ишоура тәомызт, ихдыррагьы ицәыӡуан.

"Акраамҭа ихьуаз ҳзышьақәыргыломызт. Афонд "Ашана" аҟынтә 2019 шықәса рзы Москваҟа ҳхы дырхеит. Уаҟа иқәдыргылаз адиагноз "ахшыбаҩ адисфункциа маҷ" ҳәа хьӡыс иамоуп. Ихахьы иазхо аҵәыҵәри (кислород-аред.) знеиуам", - лҳәоит ан.

Леон ахәшәқәа идикылалароуп, иҽихәышәтәлароуп ицәажәара шьақәгыларц. Шьазина лажәақәа рыла, Леон ихәышәтәра иалагаанӡа иажәақәа даара иԥкын. Уажәы уи аҳәоуқәагь еидиҳәалоит, аха макьаназы игәабзиара ашьақәыргылара акраҭахуп.

"Ашкол ахь ацара ҳҽазыҟаҳҵоит. Шықәсыбжак ашьҭахь иубар ҟалоит илшо илымшо. Сгәы иаанагоит иҩызцәа дрыҵахарым ҳәа. Азҵаара иуҭо аҭак ҟаиҵоит ихаҭагьы азҵаара иҭиир илшоит. Уи ҳа ҳзы инасыԥуп", - ҳәа лҳәоит ан.

Москва иҽыхәышәтәра х-курск дырхысхьеит. Уажәазы еизгатәны иҟоуп 250 000 мааҭ. Уи аҭаацәа заҵагылом.

Ацхыраара аҟаҵашьа мҩақәас иҟоу - афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0