Акоронавирус аҟынтә аҽыхәышәтәреи, Урыстәыла аҭаҵәахқәеи, ихәыҷреи: Мишустин иҿцәажәара

Анапаҵаҩра
Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин акоронавирус аҟынтәи иҽшихәышәтәызи, Урыстәыла ахьы-валиута ҭаҵәахқәеи, ихәыҷратә гәазыҳәареи уҳәа ртәы еиҭеиҳәеит.

Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ателеканал "Россия 24" аинтервиу аиҭеит. Ицәажәара атезис хадақәа Sputnik аматериал аҿы.

"Ашәарҭарақәа анеицыло"

Аиҳабыра алахәылацәа, аԥыза-министр, нас уи ихаҭыԥуаа зны-зынла уахгьы-ҽынгьы аус руеит, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ҳәа иҳәоит Михаил Мишустин.

"Аиҳабыра, аԥыза-министр, уи ихаҭыԥуаа иҟалалоит уахи-ҽнигьы аус аныруа. Аамҭеи аҭагылазаашьеи рҭахрақәа ианрықәшәо. Апандемиа ҳаԥсҭазаара аиҭакрақәа азнауит. Атәыла ахадеи ҳареи еснагь аимадара ҳамоуп. Аԥсшьараз аамҭа зынӡагьы иҟам ҳәа уҳәар ауеит", - иҳәоит Мишустин.

Иара иажәаәқа рыла, атәыла ахада Владимир Путин иқәиргыло адҵақәа рынагӡара дазыхиоуп.

"Аиҳабыра рҿы аус жәуазар, насгьы аԥыза-министр имаҵура шәыдыргалазар, ишәԥыло закәхо ҳәа заа аҳәара цәгьоуп. Аиҳабыра рхадас аҟалара сыдызгалаз Владимир Владимир-иԥа Путин иоуп. Ажьырныҳәамзазтәи ауааԥсыра рахь инашьҭымҭаҿ иарбаз ауснагӡатәқәа зегь рынагӡароуп хадаратәла иаҳхықәку ҳаргьы", - ҳәа азгәеиҭоит аԥыза-министр.

Мишустин иҳәеит апандемиа аныҟала ашьҭахь амилаҭтә проектқәа рынагӡареи акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы аусқәеи еидибалар шакәхаз.

"Ари зегьы имариамыз усын. Сгәы иаанагоит урҭ ҳахьынӡариааиз ахәшьара ҳажәлар иарҭап ҳәа", - иҳәеит аԥыза-министр.

"Авирус ауаа еилнахӡом"

COVID-19 ахыгара имариаз усымхеит ҳәа иҳәоит Михаил Мишустин. Ашоура ҳарак умчқәа канаԥсон ҳәа азгәеиҭеит.

"Агәабзиара ашьақәыргылара салацәажәозар, уи имараиам усуп. Сшоура ҳаракын, аха ирласны сгәабзиара шьақәгылеит ҳәа аҳәара иашамзар ҟалап, уи аганрацәа амоуп, избанзар маҷк схы еиӷьны ишызбаз еиԥш, иныҭкааны сыбзиахаанӡа аусура сазыхынҳәит", - ҳәа иҳәоит иара.

Прибытие самолёта с гуманитарной помощью в Алматы - Sputnik Аҧсны
Ҳара ҳтәқәа каҳажьуам: Урыстәыла агәылара тәылақәа акоронавирус аҿагылараҿы ишрыцхаауа

"Авирус ауаҩ ичын ала далнакаауам, акыргьы ишәарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит аполитик. Иара иажәақәа рыла, макьаназгьы ишьақәыргылам аҿкыра шиасуа аӡәы иҟынтәи аҽаӡә иахь.

"Сара аиашаз исызшәаҳәом акоронавирус ахьышьҭыскааз", - иҳәоит аԥыза-министр.

Мишустин иажәақәа рыла, ишьап иқәгылара аҳақьымцәа ирыбзоуроуп.

"Ҳара ҳҳақьымцәа аус шыруеиԥш адунеи егьырҭ аҳақьымцәагьы аус руа анцәа иҳәааит", - ҳәа азгәеиҭеит аиҳабыра рхада. Убри аан иҳәеит аҵарауаа авирус аҩбатәи ацәқәырԥа аныҟало ҳәа макьана ишазгәарымҭац.

"Ҳгәыӷлап, Роспотребнадзори аҳақьымцәеи иҟарҵо абжьагарақәа ҳрықәныҟәар, зегь маншәалахоит ҳәа", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы атәылаҿ акоронавирус маҷк ишылаҟәыз. Авирус алаҵәара адагьы иара авирулентностгьы лаҟәит.

Ихәыҷратә гәазыҳәара

Михаил Мишустин гәаартыла иҳәеит, даныхәыҷыз дҳақьымхарц иҭахын ҳәа, амедицинатә институт аҭаларагьы игәы иҭан.

"Сара сан дмедеиҳәшьоуп, акыршықәса аус луан. Схәыҷраахыс аҳақьымцәа гәыбылрала сырзыҟоуп, избан акәзар ахалаҭ шкәакәа зшәыз ауаа еснагь сааигәа-сигәа иҟан - уи сан лҩызцәа, лколлегацәа уҳәа. Уи моу, ашәахтәқәа рмаҵзураҿы аусура салагаанӡа амедицинатә институт аҭалара сгәы иҭан. Ааи, уи сазхәыцуан аиашаз",  - иҳәеит иара.

Иҭышәынтәалоу аҭаҵәахқәа

Мишустин аинтерву аҭараан Урыстәыла иамоу ахьы-валиутатә ҭаҵәахқәа рыхәԥса иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, урҭ шәарҭарак иҭагылам, иҭышәынтәалоуп.

"Иахьатәи аамтазы иҟоу ҳҳәозар, 570 миллиард доллар инареиҳауп", — иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла азхара аԥара шамоу астратегиатә милаҭтә хыдҵақәеи, апроектқәеи рынагӡаразы.

"Араҟа узыцәшәаша ҳәа егьыҟам, 2030 шықәсанӡа зынагӡара азгәаҭоу ҳастратегиатә, милаҭтә хықәкқәа зегьы аԥсҭазаара раларҵәаразы иаҭаххаша аԥара ҳамоуп, ҳнапы злаку амилаҭтә проектқәагьы уахь иналаҵаны", — иҳәеит Мишустин.

Атәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбамҭақәа зегьы ианраамҭаз ирыдкылан, алҵшәагьы ҟарҵеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0