Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра: аԥкрақәа шьаҭанкыла иаԥыххар ауеит жәабранмзазы

© Sputnik / Андрей Катаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19
В России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҿы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 15 миллион рҟынӡа инаӡоит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 619 нызқьҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ишазԥхьагәанаҭо ала, акоронавирустә инфекциа иахырҟьаны аԥкрақәа шьаҭанкыла иаԥыххар ауеит жәабранмзазы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистр Михаил Мурашко ҳәа аҩуеит РИА Новости.

Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5811-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, 154-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 8444-ҩык ахәышәтәырҭа илырҩааит. Зынӡа аепидемиа иаалагазар 800 849-ҩык чмазцәахеит, 588 774-ҩык ргәы бзиахеит, 13 046–ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 45-ҩык, 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0