Ҩ-миллионк реиҳа апатронқәа рыԥшааит Аҟәа аргыларатә маҭәахәқәа рышьҭаҵарҭаҿы

© Foto / Пресс-служба МВДРАСклад с оружием
Склад с оружием  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирԥшааз аџьаԥҳаны рымырхит, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аексперт-криминалисттә центр ахь аҭҵааразы инарышьҭит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аргыларатә компаниа "Каскад-М" иатәу ашьҭаҵарҭа аҵакыраҿы ишьҭаз 2 миллионки 637 нызқьи 430 патрон рымырхит, абри атәы аҳәоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭара.

"Анаплакы қьырала иаго Афырхацәа-аҳәаахьчаҩцәа рымҩаҿы иҟоу аҵакыраҿы игылаз аидарамҩангагатә контеинерқәа аартын ашаҳаҭцәа рҿаԥхьа. Аконтеинерқәа хԥа ирҭан зкалибрқәа еиуеиԥшым апатронақәа зҭаз аҭрақәа 1385 цыра", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Ирԥшааз аџьаԥҳаны рымхуп, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аексперт-криминалисттә центр ахь аҭҵааразы ишьҭуп. Ари аус ала агәаҭарақәа мҩаԥысуеит, урҭ рылҵшәақәа рыла ашьаусԥшааратә ӡбамҭа рыдыркылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0