Акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иацы акоронавирустә инфекциа ҿыц быжьҩык ишрыхьыз шьақәырӷәӷәан. Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны зынӡа 55-ҩык COVID - 19 рыхьхьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Акоронавирус зыхьны иҟаз пациентк Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит амиокард аинфаркт аҟынтәи ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Амҽыша, ԥхынгәы 26 ауха Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа зцәа иалаз апациент, уахь иара ԥхынгәы 25 рзы агәыхь чымазараҟынтәи дахьырхәышәтәуаз Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭаҟынтәи диаган. Иаҭахны иҟаз амедицинатә цхыраара зегьы шизыҟаҵазгьы, апациент иԥсҭазаара далҵит аҩынтә раан ихьыз амиокард аинфаркт аҟынтәи", - аҳәоит адырраҭара.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны ишьҭоуп COVID - 19 змоу апациентцәа ааҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0