Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы хырԥашьа змам ачымазцәа рыдыркылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВрач
Врач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иазгәаҭоуп акоронавирустә инфекциа ахҭыс ҿыцқәа рыҟазаара. Аиҳарак иара зыдбалоу Аҟәатәи ақалақьтәи Ареспубликатәи хәышәтәырҭақәа рҳақьымцәеи рпациентцәеи роуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа иаданкыло зчымазара хьанҭоу апациентцәа роуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара Анапхгараҭара аиҳабы Ирма Воуԥҳа.

Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Даҽа быжьҩык акоронавирус рыхьит Аԥсны

"Зыда ԥсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа раан ачымазцәа ҳадаҳкылоит. Иаркхоит акоронавирус зыхьуаз ахьышьҭоу апалатақәа, уа арзҩыдарақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адыррала, иаркхоит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәшагьы. Уа дышьҭан COVID-19 зыхьуаз ауаҩы.

Уаанӡа ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада  Виачеслав Абыхәба Sputnik иазеиҭеиҳәахьан ахәышәтәырҭа аштаттә режим ала аус ауеит ҳәа.

"Ҳара зегь ҳадаҳкылоит, аха асанитартә хылаԥшра ҳарӷәӷәеит. Ахаҭаҽыхьчаратә хархәагақәа ҳхы иаҳархәоит. Ахәышәтәырҭахь иааиуа мап рцәаҳкуам, аҩны зыхәышәтәра алшо ачымазарақәа змоу рыҩныҟа иҳашьҭуеит", - иҳәеит иара.

Абыхәба иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭаҿы арзҩыдара шымҩаԥырго.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0