Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 395-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭа инақәыршәаны, Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы зынӡа 823 515-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 5 395-ҩык авирус рыдбалоуп арегионқәа 84 рҿы ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперштаб.

Роспотребнадзор  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп: Роспотребнадзораа иҟарҵаз ахәшьара

Авирус зыдбалаз рҟынтәи 30% аклиникатә ҟазшьақәа рныԥшуамызт.

Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 150-ҩык, ргәы бзиахеит 8 888-ҩык.

Зынӡа атәылаҿы COVID-19 иахҟьаны 13 504 ԥсыҭбара азгәаҭоуп, 612 217-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 57 чымазара хҭыс азгәаҭоуп. Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп ааҩык акоронавирустә инфекциа змоу, аҽа быжьҩык аҩны аҽыԥхьакратә режим иахысуеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0