Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуаԥҳа еиҭалҳәеит Гәылрыԥшьтәи ахәыҷбаҳчахь сынтәа шаҟаҩы рыдкылара азгәарҭо

© Foto / предоставила Людмила ЧкотуаЛюдмила Чкотуа
Людмила Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳча "Алакә" аиҳабы Лиудмила Ҷкотуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит акарантин ашьҭахь ахәыҷбаҳча аус шауа, сынтәа ахәыҷқәа шаҟаҩы рыдкылара азгәарҭо.
"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Чкотуаԥҳа Гәылрыԥшьтәи ахәыҷбаҳча аусура иазкны

"Амза ҩба инаркны ахәыҷбаҳча аус ауеит. Аҭаацәа ахәыҷқәа анааргоз ҳрыҳәеит аҳақьымцәа идырбаны, ргәы шыбзиоу азы аилыркаа рыцзарц. Ақьаад ҳамоуп асанитартә-епидемиологиатә маҵзура аҟынтә, изныкымкәа иҳарҳәеит иҟаҵатәу, иахьынӡаҳалшо ҳақәныҟәоит, иаҭаху зегь ҟаҳҵоит ҳәа сгәы иаанагоит… Ииасыз аҵарашықәс азы ҩышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ҳаман, урҭ рахьынтә 55 ҩык абзиараз ҳәа араҳәаны ашкол ахь идәықәаҳҵеит. Арзаҳалқәа рацәоуп хәыҷқәа ҳадаҳкыларц, асиа шьҭаҵаны иҳамоуп, иахьынӡалшо азинҷыда змоу гәаҭаны, араион аҵараҟәшеи ҳареи ҳаидтәаланы иҳаӡбоит. Ҳақәгәыӷуеит 80-ҩык рҟынӡа рыдкылара, избанзар 55-ҩык иахьа иоуҳажьит, аха рхыԥхьаӡара акыр еиҳан, ацхыраагӡатә класс ахь ахәыҷқәа зышьҭыр зҭаххогьы ҟалар ауеит", – лҳәеит Ҷкотуаԥҳа.

Гәылрыԥшь араион аҟны иахьазы ахәыҷбаҳчақәа ҩба аус руеит. Дранда аҳаблаҟны даҽа хәыҷбаҳчак аартра азгәаҭоуп.

"Ахәыҷбаҳча аадыртуеит ҳәа ҳарҳәеит сентиабр азы, аха уи азы макьана ииашоу адырра ҳамам. Ҳраион аҟны х-хәыҷбаҳчак ҟалоит ҳәа сақәгәыӷуеит. Сынтәеи ҵыԥхи арзаҳалқәа зыҩыз рхыԥхьаӡара рацәоуп. Зегьы ҳрыцхраар ҳҭахуп, даҽа хәыҷбаҳчак ҳамазар, иаҳа ҳаԥсы еиваҳгон", - лҳәеит Ҷкотуаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит хышықәса инарзынаԥшуа изхыҵуа рхәыҷбаҳча аусураҟны иуадаҩу зҵаара шрымам, акызаҵәык руалафахәы иаҳа еиӷьзар шырҭаху.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0