Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәша аркуп. Уаҟа дышьҭан COVID-19 зыхьуаз ауаҩы.
"Ахәышәтәырҭаҟны акарантин ыҟоуп. Иаалырҟьаны ичмазаҩхаз, мамзар ааха зауз роуп иҳадаҳкыло, уаҳа аӡәгьы. Ахирургиа аҟәша аҳаркит, ачымазаҩцәа ылҳҩааит, анализқәа ҳгеит амедицинатә усзуҩцәа, ачымазцәа рҟынтә. Ҳперсонал рганахьала ачымазара змоу ыҟаӡам, анализқәа цқьоуп. Аамҭа ааиаанӡа ҩымчыбжьа уи аҟәша ааҳартӡом. Ахирургиа аҟәша ахәышәтәырҭаҟны даҽаџьара ииаҳгеит, аус шаҳуц иаҳуеит, амала ҳауаажәлар ахәышәтәырҭаҟны анеиааира азин рымаӡам. Еилкаатәык рымазар, ахәышәтәырҭа ахолл аҟны ҳусзуҩ дтәоуп, ҭелла аҳақьыми дареи еицәажәартә алшара рымоуп. Фатәык, хәшәык, ӡык нарышьҭыр рҭахызар, изырҭаша ауаа ыҟоуп. Ҳара ҳус ҳаҿуп, иаҳԥырхагамхааит. Аҭагылазаашьа иахәоит абри аҩыза арежим, иаҳҳәо раҳауазар ҳауаажәлар, дара рзы ауп ари зыҟаҳҵо. Ахәышәтәырҭа аперсонал еибгоуп, анцәа иҟынтәи, аӡәгьы аҿкы чымазара идҳамбалацт макьана", -иҳәеит Гәыргәлиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны Ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит
-
Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иацу аԥкырақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара иацҵоуп