Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҲМ азыхиоуп адәныҟахәаахәҭра ахышәаҵышәа аизырҳара

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПочтовый таможенный пост в аэропорту Внуково
Почтовый таможенный пост в аэропорту Внуково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Александр Анқәаб дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аԥсны иҟоу аҭыԥ азыхиоуп адәныҟахәаахәҭра ахышәаҵышәа аизырҳара ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аԥсны иҟоу аҭыԥ иҷыдоу ҳазалхратә усбарҭоуп, Афедералтә ҳазалхратә маҵзура анапаҵаҟа иҟоуп ҳәа иҳәеит Козлов.

"Аҳазалхратә ҭыԥ аԥҵоуп хаз игоу, Аԥсны Аҳазалхратә еилакы зықәшаҳаҭу, Урыстәыла АҲМ  иҳәаақәнаҵаз тауарқәак рганахьала ҳазалхратә операциақәаки процедурақәаки рзы. Аҳазалхратә ҭыԥ адекларациақәа рҭыжьра иалагеит 2019 шықәса жәабранмзазы, аусурагьы иазыхиоуп", - иҳәеит иара.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аԥсны иҟоу аҭыԥ аусура актуалны ишыҟоу, ареспублика аекспорт иашьҭуа аидарақәа  реиҿкаара апроцесс шармарио.

Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура Аԥсны иҟоу аҭыԥ Гәылрыԥшь араион аҿы аҭыӡҭыԥ ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0