АҞӘА, нанҳәа 5- Sputnik. Гагра аԥсшьараз иреиӷьу аекзотикатә қалақьқәа жәаба ирылашәеит. Аԥснытәи акурорт иреиӷьыз аԥхьатәи ахәба ирыҵаркуп асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыӡбрала.
Аиҳараҩык атуристцәа иалырхуеит Бахчисараи.
Изызҵаау рҟынтәи 19,42% Ҟрымҟа ицоит аԥсшьаразы.
Ареитинг инақәыршәаны аҭыԥқәа абас ала еихшоуп:
- Бахчисараи - 19,42%
- Судаки Горно-Алтаиски - 18,45%
- Дербент - 11,65%
- Иошкар-Ола - 10,68%
- Гагра - 7,77%
- Темриук - 5,83%
- Пиатигорск - 3,88%
- Уфа - 2,91%
- Болгар - 0,97%
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аадыртит нанҳәа 1 азы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шәгәы бзиаз: Гагра аллергиа змоу рыԥсшьараз иреиӷьу қалақьуп