Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хәытаба Ливан иҟалаз аԥжәаразы: ааха зауз рҟынтә ҳдиаспора ахаҭарнакцәа макьана иалкаам

© Foto / предоставил Инал ХутабаИнал Хутаба
Инал Хутаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ливан иҟоу аҭагылазаашьа ишазҿлымҳау атәы.

Беирут абаӷәазаҿы иҟалеит аԥжәара ӷәӷәа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит, ԥшь-нызықьҩык рҟныӡа ааха роуит. Ирацәаҩуп хабарда ибжьаӡаз ҳәа иԥхьаӡоугьы.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқаратә еилакы ахантәаҩи Ливан иҟоу ачерқьесцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи рҽеимырдеит Ливан иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Реиҿцәажәараан иҳәан ааха зауз рахьынтә макьана аԥсуа-дыга диаспора ахаҭарнакцәа шалкаам.

Хәытәаба Ливан иҟалаз аԥжәаразы: ааха зауз рҟынтә ҳдиаспора ахаҭарнакцәа макьана иалкаам

"Уа иҟоу аԥсуа-дыга хеилаки ҳареи аимадара ҳабжьоуп, уи еснагьгьы иҟан. Аха макьаназы еилкааны иҟам Ливан арыцҳара иақәшәаз рхыԥхьаӡараҵәҟьагьы, убри аҟнытә аҳәара уадаҩуп урҭ ирылоу ирыламу ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Ливан инхоит 100 нызықьҩык инареиҳаны ачерқьесцәа рхаҭарнакцәа. Уаатәи ахеилак ахаҭарнаки аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩи реимадараан Вадим Ҳаразиа иҳәеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рахьынтә ааха зауз ҟалар, еиҳарак ахәыҷқәа урҭ ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ҳшазыхиоу. Макьана дара рхаҭа ирыздырӡом иарбан цхыраароу иаҭаххо, убысҟак уа аҭагылазаашьа уадаҩуп", - ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0