Россотрудничество Ливан арыцҳара иақәшәаз рзы ахәшәқәа реизгара хацнаркит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАптечка
Аптечка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ливан аҭыԥ змаз аԥжәара иахҟьаны, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, шәҩык ауааԥсыра ҭахеит, ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аахақәа роуит. Иҟоуп иара убас хабарда ибжьаӡыз. Аџьар Ҟаԥшь ливантәи аилазаара адырра ҟанаҵеит 60-ҩык рҭагылазаашьа акыр ихьанҭоуп ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 5 -  Sputnik. Россотрудничество алаҳәара ҟанаҵеит аҿаҳәага материалқәеи зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәеи еизгазарц Беирут арыцҳара иақәшәаз рзы ҳәа аанацҳауеит Ливантәи ареспубликаҿ иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.

Последствия взрыва в Бейруте - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливанҟа адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Ахәшәқәа рнагара ҟалоит Беирут иҟоу Урыстәылатәи акультуратә центр ахь.

"Еизгахо ахәшәқәа зегьы Ливантәи ареспублика Агәабзиарахьчара аминистррахь инашьҭхоит", - ҳәа ҳәоуп адырраҭараҿы.

Уи адагьы изҭаху зегьы ирымоуп алшара ааха зауз рзы ашьа арҭарц.

Уаанӡа, Ливантәи ареспублика Агәабзиарахьчара аминистр Хамад Хасан аҳәамҭа ҟаиҵахьан аԥжәараан ахәышәтәырҭақәа ԥшьба шьаҭанкыла ишырхәашоу азы. Уа ишьҭаз ачымазцәа егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рахь ииагахеит. Уи еиҳагьы иаруадаҩит аҭагылазаашьа ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0