00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа иамшныҳәоуп иахьа
13:19
6 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәа амшныҳәа аҽны ацәыргақәҵа аартхоит
13:45
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рҭаацәа рзы аҟазаратә класс мҩаԥган
13:49
13 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
14:44
11 мин
Дополнительное время
Международный туринир по баскетболу памяти С. Багапш в 15-й раз проходит в Абхазии
14:55
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аусура хнаркәшеит нанҳәа 6 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакрытие выставки - Сухум, праздник который всегда с тобой
Закрытие выставки - Сухум, праздник который всегда с тобой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 3 рзы, Аҟәа ақалақь амш аҽны иаартын ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 40 рыла. Ацәыргақәҵа аусура хнаркәшеит нанҳәа 6 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Ԥхынгәы 3 рзы, Аҟәа ақалақь амш аҽны иаартыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аусура хнаркәшеит нанҳәа 6 рзы.

"Аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәасҭар сҭахуп, ацәыргақәҵа аус ауанаҵы ишаҭааз ҩ-нызқьи бжаки рҟынӡа ахәаԥшцәа. Иҳәатәуп аинформацитә маҵзура Sputnik ишҳанаҭаз алшара авидеоекскурсиа амҩаԥгараз. Аԥсни анҭыҵи ауааԥсыра уи ала ацәыргақәҵа рбеит", - лҳәоит ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аԥшьгамҭала ацәыргақәҵа ишаҭааз ахәыҷқәа еиҿкаарылатәи ргәыԥқәа.

"Ацәыргақәҵа аус ауанаҵы ара имҩаԥгахеит Аҟәа аҭоурых, архитектура, абаҟақәа ирызкыз алекциақәа ҩба", - азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа аркраан имҩаԥган ареспублика ашколқәа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ, ахәыҷтәы рҿиаратә ҩны "Аинар" рҟынтәи аҭааҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи реиԥылара. Ельвира Арсалиаԥҳа ахәыҷқәа ацәыргақәҵа аекспонатқәа, урҭ равторцәа уҳәа ртәы рзеиҭалҳәеит.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ҿыцрақәак рзаатуеит

Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа иреиҳәеит аҟазарахь ирымоу абзиабара аԥсуа культуразы аҵакы аманы ишыҟоу, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа. Аминистр иара убасгьы ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ԥшьышықәса анылхыҵуаз аахыс иҭыхуа Екатерина Гуськова лҩызцәа ирзеиҭалҳәеит лхатә ҭоурых.

"Сандуи сареи Асахьаҭыхратә школ ахь саҳәшьа днаагеит. Лара уа дыҟанаҵ ҳара ааигәа ҳнеиааиуан. Арҵаҩы санду длазҵааит аиҵбгьы ашкол дзашәымҭои ҳәа. Убри аахыс ақыцә снапаҿы искуп", - лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа хыркәшахеит ареспублика ашколқәа рҟынтәи аҭааҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи реиԥыларала. Асахьаҭыхыҩцәа еиҭарҳәон рҟазараҿы Аҟәа, иара архитектура, абаҟақәа ҭыԥс иааныркыло атәы. Аҭааҩцәа ирыман алшара ирҭаху азҵаарақәа рыҭираз.

Аҟәа ақалақь амш азы иаатыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" шьақәгылоуп ХХ-тәи ашәышықәсеи ҳаамҭазтәии аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аҟәа иазку рҭыхымҭақәа 49 рыла.

Ара иҟан асахьаҭыхыҩцәа - Баҭал Џьапуа, Александр Семенцов, Мадина Бигәааԥҳа, Руслан Габлиа, Диана Хынҭәԥҳа, Витали Қацәба, Лаша Габелиа, Амиран Адлеиба уҳәа егьырҭгьы русумҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0