Пицунда азеиԥшқалақьтә еизара мҩаԥгахоит акурорт адиректор дахьамырхыз азы

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Аколлектив ахәҭак уи иаҿагылеит.

АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik. Пицунда, ақалақь анапхгара, адепутаттә корпус алархәны нанҳәа 10 асааҭ 17:00 рзы азеиԥшқалақьтә еизара мҩаԥгахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кетиа.

Кетиа ишиҳәо ала иахьа, нанҳәа 10 рзы ақалақьуаа "Акурорт Пицунда" аиҳаб ҿыц иаҭара иаҿагыланы аизара мҩаԥыргахьеит. Аизара иҽалаирхәит атуризм аминистр Теимураз Хышба. Еизан иҟаз иара изеиҭарҳәеит иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагарақәа.

Ахәылбыҽхатәи аизараҿ иалацәажәараны иҟоуп акурорт адиректор Нодар Шьаҟрыл иамхреи ицынхәрас Фрикан Гәынба иаҭареи. Кетиа иажәақәа рыла, ақалақьуаа ргәы иалсыз акадыртә еиҭакра акәымкәа уи амҩаԥгашьа ауп.

"Анапхгаҩ ҿыц даҭан адиректор Нодар Шьаҟрыл иҟамзаараан. Иаб иашьа дыԥсит. Акурорт аусуҩцәа аҳәара ҟарҵеит адиректор ҿыц иаҭара нанҳәа 10 ахь ииаргарц", - еиҭеиҳәоит "Акурорт Пицунда" адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кетиа.

Кетиа иажәақәа рыла, ақалақьуаа реиҳараҩык ирҭаху ақалақь иалҵыз ауаҩы напхгаҩыс дыҟазар ауп. Убри аан иара иҳәеит ҷыдала Фрикан Гәынба иахь аӡәгьы ҽыԥныҳәа шимам.

"Уаанӡатәи адиректор изныҟәашьоуп агәынамӡара ҳазҭо. Дзыхдырҟьаз ҳәа дыррак ҟарымҵеит", - иҳәоит Кетиа.

"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Аколлектив ахәҭак уи иаҿагылеит.

Аԥсуа телехәаԥшра арепортаж аҿы ишаҳәо ала акурорт аусзуҩцәа рыхәҭак административтә хыбра аҿаԥхьа еизеит аҭагылазаашьа ргәамԥхо. Аха атуризм аминистрра рхаҭарнакцәа анааи, ианеицәажәа ашьҭахь рыҽдырҭынчит.. Фрикан Гәынба аколлектив ддырдырын.

Ажәабжьқәа зегьы
0