Акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа хәба аарԥшуп Аԥсны

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на наличие антител к COVID-19
Тестирование на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 148-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 50-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 111-ҩык ауааԥсыра, адиагноз COVID - 19 рзықәыргылоуп хәҩык ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык апациентцәа. Згәабзиара ҭышәынтәалаз апациентцәа хәҩык ахәышәтәырҭа илыҩҩауп.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц: асоциалтә дистанциа укызароуп, унапқәа сапынла лассы-лассы иӡәӡәалатәуп, еиҳаракгьы адәахьынтә аҩны уанааилак ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0