Пицунда ауааԥсыра Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩ икандидатураз ажәалагала ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы в Пицунде
Туристы в Пицунде  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Уаанӡа ари аҭыԥ никылон Нодар Шьаҟрыл.

АҞӘА, нанҳәа 11- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. "Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩыс Ҭимур Ҭарба икандидатура ықәыргылазарц аӡбра рыдыркылеит Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәараан, абри атәы Sputnik иазааицҳауеит Пицунда ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Ашәхәаҵаа.

Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәара мҩаԥган нанҳәа 10 рзы.

Ашәхәаҵаа иажәақәа рыла, аизара иалахәын 70-ҩык рҟынӡа. Пицунда ауааԥсыреи ақалақь ахадареи реиқәшәараан "Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба ихаҭыԥуаҩыс Ҭимур Ҭарба икандидатура ықәыргылазарц аӡбра рыдыркылеит еизаз.

Ашәхәаҵаа иҳәеит нанҳәа 11 рзы аиҭеилатәара шымҩаԥгахо, егьырҭ акандидатурақәа ҟалар ишрыхәаԥшхо.

Нанҳәа 10 рзы ақалақьуаа "Акурорт Пицунда" аиҳаб ҿыц иаҭара иаҿагыланы аизара мҩаԥыргахьеит. Аизара иҽалаирхәит атуризм аминистр Теимураз Хышба. Еизан иҟаз иара изеиҭарҳәеит иҟоу аҭагылазаашьазы ргәаанагарақәа.

"Акурорт Пицунда" адиректор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Кетиа ишиҳәаз ала, ақалақьуаа ргәы иалсыз акадыртә еиҭакра акәымкәа уи амҩаԥгашьа ауп.

"Акурорт Пицунда" ахада ҿыц Фрикан Гәынба имаҵура даҭан нанҳәа 7 рзы. Аколлектив ахәҭак уи иаҿагылеит. Ус шакәызгьы Фрикан Гәынба аколлектив ддырдырын.

Атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭеит Фрикан Гәынба икандидатурf еиҭахәаԥшраны ишыҟам, уи азы аминистр изинмчқәа рҳәаа иҭагӡаны аӡбра шидикылаз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0