АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Даҽа быжьҩык ауаа акоронавирус рыдбалоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штабнанҳәа 12 рзы.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 131-ҩык ауааԥсыра, адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп быжьҩык", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә фҩык - хәыҷқәоуп, зҭагылазаашьа уадаҩу хҩык ыҟоуп. Згәабзиара ҭышәынтәалаз пациентк ахәышәтәырҭа дылыҩауп.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, асоциалтә дистанциа ркызарц.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>