"Ес-ԥхынра аԥсшьара аамҭа анааилак апроблема ҿыцны ицәырҵуеит. Сынтәа макьаназы алымҳаҭас ҳамаӡам агыгшәыгқәа цәырыргоит ҳәа, аха уи иаанагаӡом ус еиԥш ыҟам ҳәа. Ари аҩыза ҳазҳәом, избанзар ҵыԥхи ҵыԥхцәеи аԥсҭазаара иаҳнаҭаз аԥышәала иаҳбоит агыгшәыгқәа, амшәқәа роума, еиуеиԥшым аԥсаатә хкқәа роума, аԥсшьаҩцәа ахьеизо аҭыԥқәа рҟны иқәыргыланы рфотосахьақәа рыцҭырхуеит. Иҟоуп аҳәынҭқаррақәа ус еиԥш ахьыҟало закәанла, иҟоуп иахьыҟамло. Азин ахьыҟоу иацзароуп иақәнагоу анормативқәа. Иаҳҳәап, аветеринартә хылаԥшра амоу иамаму, ишԥазныҟәо иҭакны ирымоу агыгшәыг, уаҩы изымчҳауа аҭагылазаашьа аҭыԥ амоума? Ҳара ҳҳәынҭқарраҟны иҳамаӡам аԥстәқәа ирызку азакәан. Агыгшәыг ҭакны измоу знык-ҩынтә-хынтә агәҽанҵара раҳҭахьеит. Абри иаахжәаҵәҟьаны иҳазраҳәом, уи аҩыза азакәан ҳамам. Административтә ҟазшьа змоу ахараԥса дҳаршәар ҳалшоит, аха уигьы 1800 мааҭ рҟынӡоуп иахьыҟоу. Уи ала ауаҩы агәҽанызаара узиҭом. Актқәа ҟаҵаны ауаҩы агыгшәыг имаҳхыр ҟалоит, аха нас иахьаҳгаша ҳамаӡам. Ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха макьана ҳамч аиааиртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны атәылауаҩ алым хәыҷ "атәра" иҭигеит
-
Адгьылбжьарамшынтә акәуақәа Лӡаа ақыҭанхацәа хылаԥшра шрырҭо