Аслан Бжьаниа Амина Аншԥҳа дидикылеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Амина Аншба на встрече с президентом
Амина Аншба на встрече с президентом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амина Аншԥҳа – аԥсуа ԥкьаҭмпыласҩы, 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа ачемпион, жәларбжьаратәи атурнирқәа риааиҩы. Иахьазы адунеитә таблица WTA ала 187-тәи аҭыԥ аҟны дыҟоуп.

 АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа ԥкьаҭмпыласҩы Амина Аншԥҳа дидикылеит нанҳәа 13 рзы.

"Сара сзы иҳаҭыр дууп аҿар рыбжьара Европа ачемпион, ԥхьаҟазы адунеиаҿ аԥыжәара заураны иҟоу ҳәа ҳаззыԥшу аспортсменка лнап лымхра", - ҳәа иҳәеит атәыла ахада.

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания на встрече с теннисисткой Аминой Аншба
Аслан Бжьаниа Амина Аншԥҳа дидикылеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжания на встрече с теннисисткой Аминой Аншба

Бжьаниа дазҵааит аспортсменка ԥхьаҟазы гәҭакқәас илымоу. Аншԥҳа илҳәеит акоронавирустә чымазара иахҟьаны дызлахәхараны иҟаз ахәмаррақәа реихшанҵа аҽшаԥсахыз. Убри аан аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥызгац имҩаԥызгоит ҳәа азгәалҭеит аԥкьаҭмпыласҩы.

Мастер-класс теннисистки Амины Аншба - Sputnik Аҧсны
Амина Аншԥҳа аԥкьаҭмпыласразы амастер-класс мҩаԥылгеит Аҟәа

Аԥсны аԥкьаҭмпыласратә спортхкы аҿиара аҩаӡара зеиԥшроузеи ҳәа илыҭаз азҵаара аҭакс аспортсменка илҳәеит: уи азы ареспубликаҿ иахәҭоу алшарақәа зегьы ыҟоуп, азыҟаҵаҩцәа реилазаара арҭбаареи азыҟаҵаратә процесс аиҿкаареи аҭахны иҟоуп ҳәа.

Аншԥҳа еиҭалҳәеит латәарада абаҩрҵәыреи, аспорти, атуризми рзы Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә университет ахԥатәи акурс аҿы аҵара шылҵо, аха лаамҭа аиҳарак аҽазыҟаҵарақәа ишырго.

"Саргьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет аҩбатәи акурс аҿы аҵара сҵоит. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа хԥа срылгахьеит, убри аан азиндырратә ҵарагьы сымазарц сыӡбеит, аха аамҭазы акыр смаџьаноуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Аԥкьаҭмпыласҩы лыпроблемақәагьы дрылацәажәеит. Лара лажәақәа рыла, еиҳау алҵшәақәа раарԥшразы ахатә зыҟаҵаҩ думаны атурнирқәа рахь уныҟәалароуп. Лара егьырҭ аспортсменцәа дрылахәуп аҽазыҟаҵарақәа раан.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы дрылахәын атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду).

Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны. Жәларбжьаратәи ареитинг WTA инақәыршәаны, Аншԥҳа адунеитә таблицаҿы 187-тәи аҭыԥ нылкылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0