Апрокуратура хада аинвалидцәа Рфонд агәаҭара хнаркәшеит

© SputnikГенеральная прокуратура Абхазии
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәарамзазы Апрокуратура хада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи Рфонд ихықәкыламкәа аԥараныхра агәаҭара хацнаркит.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Апрокуратура хада Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы Анапхгараҭара аусбарҭа Аусҭҵааратә напхгараҭарахь инанашьҭит 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи Рфонд 2019 шықәсазтәи агәаҭарақәа реихшьаала. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Агәаҭарақәа ирылҵшәаны ишьақәыргылоуп Афонд аҿы иҟамыз ҩыџьа ауаа аус руазшәа ишҭагалаз, 2017 - 2019 шықәсқәа рыҩныҵҟа 838 126 нызқьмааҭ аԥара шрызшәаз.

Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хадаҿы Аԥсны аибашьра аинвалидцәа рфонд  аԥарақәа рхархәашьа ҭырҵаауеит

Абри афакт аганахь ала аматериал нашьҭуп Апрокуратура хада Аусҭҵааратә напхгараҭарахь.

Рашәара 3 рзы Апрокуратура хада Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи Рфонд ихықәкыламкәа аԥараныхра агәаҭара хацнаркит, Аԥсны Афинансқәа рминистрра ахылаԥшра-ревизиатә Напхгараҭара аҟазауаҩ Адамур Черқьезиа аԥыза-министр Александр Анқәаб Афонд аҿы 2019 шықәса иалагӡаны 33 миллион 517 нызқьмааҭ афинанстә еилагарақәы шыҟоу азы адырра анииҭа ашьҭахь.

Агәаҭараан иаарԥшын ареспублика азакәанԥҵара еилазго афинанстә хҭысқәа. Убас аинвалидцәа асоциалтә дгылара рзыҟазҵо аҳәынҭқарратә политика анагӡаразы анорматив-зинтә акт аԥҵамызт.

Убри аан 2019 шықәса рзы 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи Рфонд аныхрақәа рыхәҭаҷ "Асоциалтә хьчара" инақәыршәаны иннахит 55 358,0 нызқь мааҭ. Урҭ рҟынтәи:

  • апункт 1 "Аинвалидцәа рыхәышәтәраз" - 33 000,2 нызқь мааҭ
  • апункт 3 "Асанатортә комплексқәа рҿы ахәышәтәраз" - 12 120,3 нызқь мааҭ
  • апункт 7 "Аинвалидцәа рсоциалтә цхыраара" - 10 237,5 нызқь мааҭ.

Апрокуратура хада Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы Анапхгараҭара аусбарҭа аусзуҩцәа еиҿдырԥшит Асоциалтә еиқәыршәара аминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Ашәарҭадаратә маҵзуреи рҟны ашәҟәы иҭагалоу 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рсиеи "Асоциалтә цхыраара" зауа рсиеи. Ишьақәыргылан афонд ала аԥара зауаз зегьы аибашьра аинвалидцәа шракәу.

Встреча Анкваб с ветеранами - Sputnik Аҧсны
Идырым ахаҿқәа: аинвалидцәа рфонд "аревизиа" амҩаԥгара агәҭакуп

Абас ала, абри ахәҭаҷ инақәыршәаны Афонд аныхрақәа хықәкыдала ишымҩаԥгамыз шьақәыргылан.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра азакәанԥҵара аилагара аԥыхразы Ардырра ҟаҵан абасеиԥш ала:

- 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд аԥҟаԥҵәа Аԥсны азакәанԥҵара иақәшәо ишьақәыргыланы;

- Афонд аԥарақәа хықәкыла рхархәара иахылаԥшны;

- Афонд ихымԥадатәиу ашәарақәа рымҩаԥгашьа аиашара ахылаԥшра иазырхоу ауснагӡатәқәа адкыланы;

- 1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа асоциалтә дгылара рыҭара анагӡашьа ҳәаақәызҵо анормативтә акт аус адуланы ашьақәырӷәӷәара;

- 09.11.2018 шықәса рзы Аԥсны аԥыза-министр Иусдҵа № 562-Р ала иҳәаақәҵоу ахәшәқәа раахәара амҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0