Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит

© SputnikВстреча президента с добровольцами
Встреча президента с добровольцами  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа заԥхьа дгылаз атәыла анапхгара Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аԥша амемориал аҿи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абри амш азы Аԥсныҟа иааиныхатәгәаԥхарала еибашьуаз Нхыҵ кавказтәи ҳашьцәа дырԥылеит.

"Атәыла ахада иаҳасаб ала абри аҩыза аиԥылара ахьымҩаԥызго акраҵанакуаны исзыҟоуп. Аԥсны иқәынхо шәџьабаа ахәшьара ду арҭоит. Аԥсны шәшьа азкашәҭәеит. Шәара ишәыԥсадгьылуп. Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп шәфырхаҵараз", - иҳәеит Бжьаниа.

© SputnikАслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит
Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рлагала ахәшьара шзалымшо.

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Темур Шорданов Ҟабарда-Балкариатәи аибашьцәа рыхьӡала ашәҟәы "Ачерқьес диаспора" атәыла ахада ҳамҭас ииҭеит.

Шорданов иҳәеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәа Аԥсны атәылауаҩра аиуразы аԥынгылақәа шроуло.

"Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәа – рыҳәсақәа, рыхшара, Аԥсны атәылауаҩра аиуразы аԥынгылақәа анроуа ҟалоит. Абри апроцесс еиҳа ирмарианы мҩаԥгашьас иамоузеи?", - дҵааит иара.

© SputnikАслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит
Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз дырԥылеит

Бжьаниа ажәа ииҭит Аԥсны анапхгара уи апроблема шырыӡбо, уаҳа ԥынгылак шыҟамло азы.

Чечентәылатәи Вахид Керимов ҭабуп ҳәа ахиҳәааит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ахьырхамшҭуазы.

"Ҳара ҳзы уи акраҵанакуаны иҟоу", - иҳәеит Керимов.

Дара иара убасгьы аҳәара ҟарҵеит ареспублика анапхгара хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа аҟаҵараҿ ацхыраара руларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0