Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Питертәи атуристка лыԥшаара ишаҿыц иаҿуп

© Foto / пресс-служба МЧС РАСотрудники МЧС ведут поиски
Сотрудники МЧС ведут поиски  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшаарақәа мҩаԥысуеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала, аволонтиорцәеи иӡыз лҭаацәеи алархәны.

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҟазауаа хымш ирықәуп аквадроцикл аҟынтәи Бзыԥ аӡы иагеит ҳәа иршьо атуристка лыԥшаара иаҿуижьҭеи, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит АҶА рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Иара иажәақәа рыла, аԥшаарақәа мҩаԥыслоит аԥҳәызба дрыԥшаанӡа.

"Амшқәа цәгьаханы ақәоура ҟалар аамҭакала ҳаԥшуеит. Макьаназы аԥшаарақәа ирыцаҳҵоит", - иҳәеит иара.

Аԥшаарақәа ирылахәуп Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рымцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәеи Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡыҵалаҩцәеи. Анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы авиациа ахархәара амоуп.

1998 шықәса рзы ииз арԥыси аԥҳәызбеи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит Санкт-Петербургнтә. Аквадроцикл қьырала иргеит.

Аӡиа Риҵахь узго амҩа ажәбатәи акилометр иахьаҵанакуа аҷкәын аԥсҟы импыҵҟьеит, аквадроцикл ааҳәын аӡиас иалаҳаит.

Аҷкәын ибыргәым аахақәа иоуит, аквадроцикл Бзыԥ аҟәараҿы ирбеит.

Аӡӷаб амҩатә машәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы дрымбеит, убри азы аӡаҿы лыԥшаара иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0