"Усҟан сара Иреиҳаӡоу Асовет аҿы аус зуан, Апарламент аилатәара ҳазыԥшын, адырра ҳауит абас еиԥш ҟалеит ҳәа. Уи аԥхьа ҩымз ҳара ҳҽазыҟаҳҵон ари ахҭыс ҟалар, доусы ҳнапы злаҳкуа ҳәа. Ахәцәа ацхыраара рызҭаша ҳәа агәыԥқәа реиҿкаара схала схахьы изгахьан. Ганкахьала иаадыруан аибашьра иалагар шалшоз, аха даҽаганкахьала уи ҳазыҟаҵамызт. Уи акәхеит… Доусы ҳхы зызкыз ахь ҳдәықәлеит. Сара Ацҳа ҟаԥшь ахь сцеит. Раԥхьатәи иҭахаз аҷкәынцәа рҟынтә иҟан сара хаҭалагьы издыруазгьы, уи -Нури Багаҭелиа, иара Агәыӡера дыршьит, анаҩс Ҷанба имҩаду аҿы дҭахеит Агрба ҷкәынакгьы. Аибашьра раԥхьатәи амш азы ахәцәагьы 11-ҩык рҟынӡа иҟан. Сҩызцәеи сареи есымша ҳалагылоуп ари ахҭыс, есымша ҳалацәажәоит аибашьра атема, уи хашьҭшьа ҳамаӡам", - еиҭалҳәеит Беиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.