Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы

© Елеонора Коӷониаԥҳа1984 шықәсазы Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) аррамаҵура данцоз аламҭалаз, днаскьазгоз иуацәа рыгәҭа.
1984 шықәсазы Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) аррамаҵура данцоз аламҭалаз, днаскьазгоз иуацәа рыгәҭа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14 рзы 28 шықәса ҵуеит шәҩыла аԥсуа ҵеицәа ахьҭахаз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи. 28 шықәса ихыҵуан абри аибашьраҿы иҭахаз Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа). Афырхаҵа иҭоурых Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.

Аҽны иусура аҵыхәала Ростовҟа ацара игәы иҭан, ашьха ҳаракқәа ирыԥну Калдахәара ақыҭан инхоз аҷкәын. Ԥшреи сахьалеи деиҩаҳаҳа дыҟан, игәгьы убасҵәҟьа иҭбаан рҳәоит иара дыздыруаз.  Асааҭ 12 шыҟаз, индәылҵымҭаз, жәабжьс иҟоу збап ҳәа иҩны азал аҿы иқәгылаз ателербага наҿаиршәит. Аибашьра ҳаԥсадгьыл ашҭа ишҭалаз ааианаҳәеит аус шаузҵәҟьа. Аекран аҿы убри аамҭазы ицәажәоз Владислав Арӡынба "аԥсадгьыл ахьчаразы ахацәа шәгыл" ҳәа иҟаиҵаз ааԥхьара иаргьы ишизкыз имдыруаз, Ростовҟа дымцакәан Аҟәаҟа амҩа днанылеит.

Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа)
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа)

Валера Гәыгәиԥа (Чепиа) 28 шықәса дырҭагылан, дҭаацәарамызт, аус иуан Гагра акурорттә-хәаахәҭратә наплакы аҿы. Драаӡон иара ахәыҷқәа зегь реиԥш, аизҳареи аҿиареи рзы, аха аԥсадгьыл ахьчаразы ишгылатәугьы игырмыжьит. Ахаан дсымбацызт сара исықәлаз, аԥхьаҟа исабхәындахараны иҟаз Валера. Дсымбацызт, аха уи иҭоурых сзеиҭеиҳәахьан Калдахәара иатәыз сҩыза Анатоли (Толик) Хышба.

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЛеон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) ианшьеи иареи
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) ианшьеи иареи

Усҟан Валера аибашьра адәаҿы дыҟан, рҭаацәа рҭоурых сзеиҭаҳәо иаацәыригеит абри арԥыс "иҟаимҵаз ацәгьаразы ҩышықәса дышҭакыз". Толик Хышба иажәақәа рыла, "инамыс иԥырхагахеит аӡбарҭаҿы ахара здыз рыӡбахә ацәыргаразы". Абри зхысҳәаауа, азалымдара зхызгахьаз арԥыс иԥсабара аҽеиҭанамкыкәа, аҭынч ԥсҭазаара даланхон, август 14, 1992 шықәса ашьыжь ателербага аҿеикаанӡа. Нас, еибашьран.

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЛеон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) арра даныҟаз Чиаттәи аобласт, ақ. Краснокоменск-2
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) арра даныҟаз Чиаттәи аобласт, ақ. Краснокоменск-2

Аҽны Валера Аҟәа данааи, абџьарда аус шыцәгьаз ангәеиҭа, ахьышәҭҳәа Гәдоуҭаҟа дцан иԥшааит аӷа дызлеиԥылашаз. Аибашьра рапхьатәи амшқәа ирыдҳәалоу Аҟәа иҭыхыз архивтә кадрқәа рҿы иубоит агәымшәара зыԥсабара иалаз Валери Гәыгәиԥа исахьа.

Сыԥшәма исеиҳәахьеит "сара издыруан сашьа дышҭахоз" ҳәа. "Иҟазшьа убас иҟан, аӷа ихы уагар шауаз дазхәыцуамызт", - иҳәоит аиашьа. Драаӡон иара аԥсҭазаара лаша иоурц азы, аха аибашьра адәаҿы иҟалеит иуахҭа. Сара дсыздыруамызт, аха иашьа иԥацәа, сара схәыҷқәа иара ихаҿы рнызбаалоит, сыгәгьы ааҭнашьаауеит урҭ рыла аҭаԥшра, иара ихатә ҭаацәара аԥҵара дахьахьымӡаз саназхәыцуа.

Валера акәылӡтәы-техникатә баталион далан. Сентиабр 1992 шықәса анҵәамҭазы Гагра ахақәиҭтәразы аҽазыҟаҵарақәа маӡала имҩаԥысуан. Иҩызцәеи иареи зықәтәаз БМП Шыцкәара ацҳа иананысуаз Гәдоуҭантәи иаауаз ҭаацәак зҭатәаз амашьына лас рҿалеит. Амашьынаҿы ахәыҷқәагьы ҭатәан рҳәеит. БМП иақәтәаз, ашәарҭара рҽавыргарц аган рҽарҭеит. Уи акәхеит, иааҳәит акәылӡтәы техника. Иҟоуп усҟан иҭахаз, Валера иакәзар, ӷәӷәала дахәит. Уи ицыз иҩыза, актиор Виачеслав Арӡынба ибзоуралоуп дшеиқәхазгьы. Напыла абӷанҷ ҭыжааны, акәылӡтәы машьына иаҵашәаз Валера иԥсы еиқәирхеит. Даара абҩаԥҵәақәа илан аибашьҩы, даара дшәарҭан, аха иԥсы еикәхеит, анаҩс ажәылара дазыхианы.

30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ҳшалалаз

"Сара издыруан сашьа дышҭахоз", - еиҭеиҳәоит аҩны ҳанааилатәо сыԥшәма. Бааԥсыла ихәыз аибашьҩы, ишьапы дшаақәгылаз иабџьар аашьҭихын деиҭадәықәлеит. Сара схәуп хәа, илымҳа ааџьгәаны аҩны дтәар аӡәыр акыр иеиҳәозма? - сазҵаауеит схы. Мап, аӡәгьы акгьы иҳәомызт, мшәан, аибашьра ианалага ибналаны ицаз, ианеилга иааны амазара знапаҿы иазгаз шаҟаҩ ыҟада? Валера Гәыгәиԥа ила изхымҩеит, ицоз аибашьра иара иахь ус амамшәа дзымтәеит. Дышҭахоз ҩашьомызт ззырҳәоз иакәхеит. "Ус иҟоу аибашьра адәаҟынтә изыхынҳәӡом, хаха инеиуаз аибашьҩы", - еиҭеиҳәоит иашьа Валера данизхәыцуа.

1993 шықәса ԥхынгәымза алагамҭазы аԥсуаа ажәылара ду еиҿыркааит, аҩ-фронтк рганахьала. Валера Гәыгәиԥа дызлахәыз акәылӡтәы баталион Шроматәи ахырхараҭаҿы еибашьуан. Ԥхынгәы 3 рзы аԥсуа еибашьцәа дәықәлеит Аҟәа агаразы Гәымсҭа хыхьи ҵаҟеи ахырхарҭақәа рыла. Аибашьра аилаҩынтра зегь еибганы изалҵуама? Шрома ақыҭа агаразы аиҿахысра ӷәӷәақәа цон, ҳаибашьцәа ԥхынгәы 8 рзы аӷа ишьара дықәдырҟьахьан, ахысбыжьқәа еикәтәашәа иҟан. Ҵлак алахьынҵа аҵаҟа зыԥсра ҟалашаз Валера, игәы икыдыз ахьчага бронежилет ааишәихын, дынкыдиаалт аҵла ашьапаҿы рҳәеит. Уи акәхеит, икаҳаз аснариад аҟәырҷаха ақәшәеит Валера Гәыгәиԥа игәы ҭбаа. Ажәакгьы изымҳәакәа даахьыдышьшьт рҳәеит, адоумышьхан иаҟараз арԥыс. Уи дақәшәеит усҟан уаҟа аҭыхрақәа мҩаԥызгоз Ҭали Џьапуаԥҳа. Лара лархив аҿы избахьеит, асакаса ианымӡалоз Валера "ацхыраара лас" амашьына данҭаргалоз. Аибашьра аилгарагьы уамак агмызт, аха аиааира абла аҭаԥшра лахьынҵас имамзаарын ахаан исымбацыз, аха исабхәындахараны иҟаз Валера.

Ашьха ҳарак иаԥну Калдахәара ақыҭан, аҳаракыра дгьылҵакыраҿ иқәгыло ҩ-еихагылак змоу аҩны аԥшәмацәа ԥхынгәы 8, 1993 шықәса ауха ашәаџьҳәаҩ дрызнеит "Дҭахеит шәыҷқәын" ҳәа. Иани иаби уаа ҭынчқәан, рхьаагьы ауаа рахь имыцхәны ицәырыргомызт. Санхәа рыцҳа лқәыԥсычҳабжьы уажәгьы сгәы иқәыҩуеит. Аҩнра ҳәа аибашьра ашьҭахь дара рҿы саннанагаз, афотоальбом сагәылаԥшуа сҿанаасха, зсахьа бшьагьаҭҳаха исҿаԥшуаз ақәрахьымӡа, сара сықәла Валера иҭахара еиҳагьы еиланарҩынтит сара сдунеи.

Инхон дара ԥсыуа нхацәак шыжәбац еиԥш. Аиҳабы ақалақь ахь дыҟоуп, аиҵбы ара дынхоит ҳәа, ҩ-еихагылак ицоз аҩны дыргылеит аҿиара, аизҳара ҩналрац. Рыԥҳа еиҵбы аҩнра хәа дцахьан. Аха, иҟалеит аибашьра, жәларык анацәеи абацәеи рдунеи аазырҳәышаз.

Сара исгәалашәом "ҳаҷкәын дҭахеит, абри ҳақәнагоуп, абри ҳашәҭароуп" ҳәа Валера иҭаацәа рхы иахашшаауа, аҳәынҭқарра иахагылаз акы ирыҳәо. Ани аби рдунеи рыԥсахит жәашықәса рыбжьаны, аб аибашьра анеилга 10 шықәса рышьҭахь, ан даҽа убри аҟара лыԥсы ҭан. Игылоуп Калдахәара Валера издыргылаз аҩны, иара ихшара рыччабжь ҩнымыҩуа. Ус акәзаргьы, иара иаҳаҭыраз, издыруада ҳахшара иҵегь ианшәлакгьы уа аԥсҭазаара дырҿиап ҳәа ҳақәгәыӷны, иҳалшо адаҳҵоит иахьагьы.

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЛеон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) иаб игәараҭа
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) иаб игәараҭа

"Аԥсуа хаҵа. Иахьагьы сыла дыхгылоуп. Дышԥаҳагу иахьа, ԥсаҭашкәакәа. Иахьа даара имаҷуп иара иеиԥшу ахацәа…", - иҳәоит Валера ибзианы дыздыруаз аибашьра аветеран Шамиль Аӡынба. Абас иҟоу ҳагуп азакәхап, аҭынч ԥсҭазаараҿы ҳхы ҳаиааины, иҳамоу ахьыԥшымра ахьчара аҭыԥан, ахатә интересқәа, амалрҳара мҩас изылаҳхыз…

Данҭаха ашьҭахь, цәыббрамза 28, 1996 шықәсазы Валера Гәыгәиԥа Владислав Арӡынба идҵала ианашьан "Леон иорден". Иҳаҭгәын аҿы иқәгылоу амармалташь иануп Таиф Аџьба ицәаҳәақәа "Шәара шәҭынчраз, сынхоит еибашьҩыс..."

цәыббрамза 28, 1996 шықәсазы Валера Гәыгәиԥа Владислав Арӡынба идҵала ианашьан "Леон иорден"
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
цәыббрамза 28, 1996 шықәсазы Валера Гәыгәиԥа Владислав Арӡынба идҵала ианашьан "Леон иорден"

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0