Аҳақьым еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы волонтиорцәас ирҭаху

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара иахьацлази Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал ахьазымхои азы Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы иазхом адезинфекторцәа, ахәыҟаҵарҭаҿы ацхырааҩцәа, асанитарцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭа аҿкыратә ҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ангелина Оҭырԥҳа.

"Уажәы ахәышәтәырҭа дҭоуп 21 пациент, аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп, хҩык бжьаратәла ихьанҭоуп. Макьана ҳамчқәа еизхоит. Атранспорт ала рнагараҿ ацхыраара руит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа. Аха ачымазцәа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Ианеиҵаха ҩыџьа ахәыҟаҵаҩ ицхыраацәа ҳҭахуп, асанитари ҩыџьа ахәышәтәырҭа аҵакыра зрыцқьо иара убасгьы амашьынақәа ҳҭахуп", - лҳәеит лара.

Оҭырԥҳа иазгәалҭеит аволонтиорцәеи дареи аилаӡара шрыбжьарҵо, рыдкылараан ргәабзиара аҭагылазаашьа шгәаҭахо.

"60 шықәса ирҭысхьоу рзы ачымазара еиҳа анырра шыҟанаҵо азгәаҭаны иқәыԥшу ауаа ҳадҵааларц ҳҭахуп. "Азона ҟаԥшь" ҳәа изышьҭоу аусураан аҷыдахьчага цәамаҭәа рыҭахоит, асабрадақәа рыла еиқәыршәахоит. Амедперсонал реиԥш аволонтиорцәагьы рыфатә ара еиҿкаахоит", - лҳәеит лара.

Аҳақьым ишылҳәо ала, аҟәшаҿы иахьазы иҟоуп аҳақьым-реаниматолог, аонколог, аневролог-хирург, хәҩык амедиаҳәшьцәа, хҩык асанитаркацәа. Аблок хадаҿы аус руеит: апедиатр, атерапевт, агинеколог, ахирург.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны авирус роухьеит – 189-ҩык, урҭ рҟынтәи 69-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Нанҳәа 1 рзы Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы акоронавирус зыхьыз рырацәареи Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аиҵбыратә медперсонал разымхареи рзы Агәабзиарахьчара аминистрра ацхырааразы ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵеит.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0