АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аус зуа ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" 8 - 16 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы акастинг аанартуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит астудиа анапхгаҩы Гәдиса Ҭодуа.
Ҭодуа иажәақәа рыла, актиорцәа ҿарацәа ралкаараан ихадоу аԥсуа бызшәа адырроуп. Ахәыҷқәа аԥсуа бызшәала иаԥхьароуп ажәеинраала ма ажәабжь, иара убасгьы иаздырхиароуп авокалтәи ахореографиатәи номер.
"Астудиаҿы ҳара идҳарҵоит актиортә ҟазара, асценатә цәажәара, аҳәеилышьра, ахореографиа, имҩаԥаагалоит еиуеиԥшым амастер-классқәа", - иҳәеит иара.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аус зуа ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" аус ауеит 2018 шықәса раахыс. Астудиа ааӡамҭацәа 16–ҩык рдебиут мҩаԥысит 2018 шықәсазы, ашықәсҿыцазтәи аспектакль "Алабҷышь џьашьахә" ала. Ҭодуа иҳәеит астудиа ааӡамҭацәа атеатр арезерв аҿы ишынхо, ианаҭаху аспектакльқәа ишрылахәхо.
Акастинг мҩаԥысуеит нанҳәа 28 рҟынӡа. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит мчыбжьык ахь ҩынтә хәыда-ԥсада.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭодуа атеатр ахәыҷтәы студиа ааӡамҭацәа рзы: даргьы саргьы ҳаибааӡоит