АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 19-ҩык рҟны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны игәаҭаз 163-ҩык рахьтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иазгәаҭоуп абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишышьҭоу 22-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус рцәа иалоуп ишьақәыргылоуп 19-ҩык. Убри аан урҭ рахьтә зҭагылазаашьа бжьаратәу хҩык ыҟоуп, аӡәы дхьанҭоуп.
Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟынтәи илҩаауп акоронавирус аҟынтәи ахәышәтәра иахысуаз ҩыџьа ахәыҷқәа.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>