Гәылрыԥшь араион амҩақәа 150 миллион мааҭ рықәхарџьхоит Аинвестпрограмма ала

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРемонт дорог
Ремонт дорог - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа раԥхьатәи сасны даҭааит арадио Sputnik ихацнаркыз апроект ҿыц "Аԥшьаша хада", адырраҭара ҭыҵуеит нанҳәа 20, асааҭ 18:30 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәсазы Гәылрыԥшь араион амҩақәа акаҭран рықәҵара 150 миллион мааҭ ақәхарџьхоит ҳәа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа.

Аинтервиу нагӡаны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны адырраҭара "Аԥшьаша хада" аҿы нанҳәа 20, асааҭ 18:30 рзы.

"Арахь иаҵанакуеит амшын иаԥну ақыҭа мҩақәа рыбжа рҟынӡа. Избан акәзар Кәыдрытәи аҩхаа аҟынӡа анеира макьана изалшом, уи аԥара рацәаӡаны иаҭахуп. Иахьынӡаздыруа, асовет аамҭазгьы уа акаҭран мҩа ылганы иҟамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Бараҭелиа. 

150 миллион мааҭ 2020 шықәсазы аныхра иазынархоуп ҳәа иҳәеит Гәылрыԥшь араион ахада.

"Аусурақәа ирылагоит аҟәатәи арратә мҩа инранкы Мархьаули Аӡынеи ақыҭақәа рҟынӡа. Егьырҭ амҩақәагьы зегьы акаҭран рықәҵахоит ҳәа сгәы иаанагоит, аус бзианы иутәуп 150 миллион ахархәара роурц азы", - иҳәеит иара, иагьациҵеит аусурақәа абри амзазы ихацыркхоит ҳәа.

Арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркуеит апроект ҿыц "Аԥшьаша хада". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыҿцәажәалоит астудиаҿы. Ԥшьашала арадио Sputnik ахәылбыҽхатәи аефир аҟны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа еиҭарҳәалоит русураҿы уадаҩрақәас ирԥыло, урҭ рыӡбашьазы мҩақәас ирбо уҳәа атәы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0