00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Сынтәа еиҭашьақәыргылахо Аԥсны аихамҩатә вокзалқәа
13:05
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:56
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:17
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Гражданин и начальник
Работа КПП в Сухумском аэропорту и нелегалы из Грузии
18:49
18 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Урыстәыла АШәМ иаԥнарҟәҟәааит Донбасс ар рԥызацәа руаӡәк иӷьычра аҽазышәара

© Sputnik / Макс Ветров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой этап учений ФСБ России в Крыму
Второй этап учений ФСБ России в Крыму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донбасс ардыԥхьала аԥызацәа руаӡәк иӷьычра аҽазышәаразы Урыстәыла иаанкылоу абандитцәа уажәаԥхьагьы иааныркылахьан Украинатәи аусбарҭа ҷыдақәа аиԥш зеиԥшу ацәгьоурақәа рымҩаԥгара иахьазааргоз азы.

АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мҵзура иаԥнарҟәҟәааит Украина Ашәарҭадаратә хеилак иаԥшьнагаз Донбасс ардыԥхьала аԥызацәа руаӡәк иӷьычреи мчыла Украина аҵакырахь игара аҽазышәареи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иҷыдоу аоперациа амҩаԥгара иалҵшәаны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә мҵзура ирыҵанадрааит иагьаԥнарҟәҟәааит Украина амаҵура ҷыдақәа имҩаԥыргарц иаҿыз азинеилагаратә акциа – Урыстәыла аҵакыраҿы Урыстәыла иатәылауаҩу, Украина иаҿагыланы еибашьуаз Донбасстәи ар рԥызацәа руаӡәк дӷьычны мчыла Украинаҟа игара", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.

Абри акциа аиҿкааҩцәаси аҳәаақәҵаҩцәаси иҟоуп Украина атәылауаа Андреи Баидалеи Игор Мишьенкои. Баидала ДЖәР ашәарҭадаратә усбарҭақәа иӡбахә рдыруеит Украина Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәра аусбарҭа хадеи Украина ашәарҭадаратә хеилаки рҟны иштаттәым усзуҩык иаҳасабала, иара убас Украина ашәарҭадаратә хеилак аконтрԥшыхәра адепартамент 5-тәи аҟәша агәрагаратә хаҿык иаҳасабала, хьыӡшьарасгьы имоуп Швед ҳәа, азгәарҭоит арелиз аҟны.

ДЖәР аҟны Баидала ашьауӷатә усқәа иакымкәа-иҩбамкәа дрылахәуп ҳәа дшьоуп Донецк имҩаԥгази иаԥырҟәҟәаази атерактқәа реиҿкааҩ иаҳасабала, Александр Захарченко ишьрагьы уахь иналаҵаны.

Донецк жәлар рардыԥхьала аԥызацәа руа ирӷьычырц ргәы иҭаз далкааны ихьӡ ҳәаӡам. Аусҭҵааратә хеилак аҟны ишырҳәаз ала, иара амашьына дҭартәаны афымца-ааха ирҭеит, аха ииулак дрымпыҵҟьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0