Акоронавирус даҽа жәаҩык ирыхьит Аԥсны

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосквичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19
Москвичи с 16 июля могут бесплатно сдать тест на COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 234-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 82-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп жәаҩык игәаҭаз 118-ҩык рҟынтә, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтәи ҩыџьа рҟны макьана акоронавирус шьақәырӷәӷәаӡам. Уахыки-ҽнаки рыла хәҩык апациентцәа ҭырҩааит.

Уаанӡа атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт аҟынтәи аҟазауаа Аԥсныҟа рколлегацәа асанитар-бактериологиатә лабораториаҿы ирыцхраарц ишааз.

Аԥсны ргәы иҭоуп даҽа санитар-бактериологиатә лабораториак аартра Гагра ма Пицунда.

Иахьатәи аамҭазы Ставропольтәи аҿкыҿагыларатә институт аҟынтәи аҵарауаа уи азы иҟоу аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит, иалырхуеит акоронавирустә инфекциа адиагноз ашьақәыргылара ахьалыршахо ахыбрақәа, уи амаругақәа рыла аиқәыршәаразы иаҭаху асиа шьақәдыргылоит.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0