Онлаинла: 50-ҩык аԥсуа абитуриентцәа Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДистанционное обучение
Дистанционное обучение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалоз аԥснытәи абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа ԥхынгәы анҵәамҭазы ирылагеит. 2020 шықәсазы урҭ онлаин-ҳасабла имҩаԥысуан.

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ҩынҩажәижәаҩык аԥснытәи абитуриентцәа Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит Россотрудничество аганахьала, абри атәы Аҟәа апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Вадим Чеха.

2020 шықәсазы аԥышәарақәа онлаин-ҳасабла имҩаԥысуан. Урҭ рхысразы рыҽҭарҩит 384-ҩык аԥсуа абитуриентцәа. Фактла рхы рыладырхәит 118-ҩык. 

Всероссийская акция Большой этнографический диктант - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵарашықәс ианаамҭоу иалагоит

Чеха иажәақәа рыла, акампаниа алҵшәақәа рыла Аԥсны иазоужьыз аквотақәа 50 рахьтә зегьы харҭәаан.

"Аԥышәарақәа зегьы онлаин-формат ахь ииаагеит. Апрограмма зегьы уаҩ ила иабо, иаартны имҩаԥысуан. Абитуриентцәа уи апрограмма иҭаланы аԥышәарақәа рхысра рылшон", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Чеха.

Сынтәагьы абжьааԥнеиԥш иҟаз азанааҭқәа зегь рыла аквотақәа азоужьын - Аԥсны зда ԥсыхәа ыҟам ахырхарҭақәа рыла. 

"Атәылаҿы ирҭахқәоу акадрқәа роуп ҳзызхәыцуаз. Аекономикеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзанааҭқәа ыҟамызт", - ҳәа инаҵишьит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы.

Аԥснытәи абитуриентцәа еиҳа азҿлымҳара аадырԥшит аинформатика, аинформациатә шәарҭадара, ахархәаратә геологиа, асервиси атуризми. Абиологиатә занааҭқәа аӡәгьы дрыдымҵаалаӡеит. 

Вадим Чеха ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла иҭалаз аԥснытәи астудентцәа ауниверситет ахь ианнеилак ПЦР-диагностика иазку аилыркаага ҟарҵароуп ишнеиз еиԥш хымш ирхымгакәа. Мамзаргьы хымш рыҩнуҵҟа акоронавирус азы атест иахысроуп. 

Россотрудничество анапхгаҩы иара убасгьы иҳәеит астудентцәа акарантинтә режими акоронавирус азы анализқәа раҭареи ирызхиазароуп ҳәа. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0