Лабра ақыҭан иԥсҭазаара далҵит акоронавирус здырбалаз ахаҵа

© Sputnik / Томас ТхайцукСело Лабра
Село Лабра  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаҵа мышқәак инарзынаԥшуа ишоура ҳаракын. Нанҳәа 23 рзы иҩныҟа ацхыраара ласы амашьына изнеит. COVID-19 имоу имаму агәаҭаразы абиометериал имхын, атест ачымазара шимаз шьақәнарӷәӷәеит.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Сария Кәарцхьиаԥҳа. Иԥсҭазаара далҵит 54 шықәса зхыҵуаз Лабра ақыҭа анхаҩы, ашьҭахь COVID-19 зыдбалаз. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзааицҳаит ақыҭа ахада Арутиун Мелкониан.

Мелкониан иажәақәа рыла, ари ахаҵа мышқәак инеиԥынкыланы амцашоура ҳарак иман. Нанҳәа 23 рзы иҩныҟа ацхыраара ласы амашьына изнеит. Амедикцәа COVID-19 ицәа иалоу иаламу агәаҭаразы абиоматериал имырхит.

Нанҳәа 24 ахәылбыҽха ачымазаҩ иҭагылазаашьа еицәахеит. Ацхыраара ласы ааит, аха дрыманы ахәышәтәырҭахь амҩа ишықәыз ачымазаҩ иԥсҭазаара далҵит.

"Уи ашьҭахь ахәылԥазы дысзасит Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариа, иагьсалҳәеит ачымазаҩ акоронавирус иман ҳәа", – иҳәеит Мелкониан.

Иахьа Лабра ақыҭахь иааит амедикцәа иҷыдоу ахьчага костиумқәа рышәҵаны, абиоматериал агаразы. Акоронавирус азы анализ арҭар рылшоит изҭаху зегьы.

"Ақыҭаҿы иааны иҟоуп аҳақьымцәа, дара абиоматериал еизыргоит. Аҳақьымцәа аус руеит ақыҭа ахадара аҵакыраҿы. Лабра анхацәа изҭаху зегьы анализ арҭар рылшоит ", – ҳәа азгәеиҭеит Мелкониан, иагьациҵеит Лабра инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 250-ҩык маҷк инахыҳәҳәоит ҳәа. 

Ақыҭа ахада адырра ҟаиҵеит Лабра дшыҟоу COVID-19 зцәа иалоу даҽа чымазаҩыкгьы, уи аҩны иҽыԥхьакны дтәоуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0