Нанҳәатәи аԥсуа тәанчахәқәа ахыԥхьаӡалахоит цәыббрамза раԥхьатәи ажәамш рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукДеньги
Деньги - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәанчахәытә фонд иҭало аԥгаԥсатә шәарақәа аҵыхәтәантәи амзақәа рзы иахьмаҷу азы, атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рахыԥхьаӡалара иагханы имҩаԥысуеит.

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Нанҳәамзатәи атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи рахыԥхьаӡалара иалагоит цәыббрамза раԥхьатәи ажәамш ирылагӡаны, Атәанчахәытә фонд иҭоу аԥара ахьмаҷу азы ҳәа Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан иҳәеит афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Гәылариа иазгәеиҭеит ԥхынгәымзатәи атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рыла араионқәа зегьы еиқәыршәоуп ҳәа, уажәазы афонд аҽазыҟанаҵоит нанҳәамзатәи атәанчахәқәа ршәара.

Нанҳәамзазы ишәахоит 92 миллиони 38 нызқьи 788 мааҭ:

  • Аҟәа – 27 852 421,70
  • Аҟәатәи араион – 4 622 709,75
  • Гагра араион – 13 757 204,92
  • Гәдоуҭа араион – 16 666 499,10
  • Гәылрыԥшь араион – 5 257 632,77
  • Очамчыра араион – 13 696 067,04
  • Тҟәарчал араион – 6 609 784,63
  • Гал араион – 6 609 784,63

Афонд ахантәаҩы иазгәеиҭеит Атәанчахәытә фонд иҭало аԥгаԥсатә шәарақәа аҵыхәтәантәи амзақәа рзы имаҷуп ҳәа, убри азы атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи рахыԥхьаӡалара иагханы имҩаԥысуеит.

Сбербанк Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит

Убас нанҳәамзазы афонд ашәарақәа зегьы мҩаԥнагарц азы иаҭахуп 92 миллион мааҭ. Ҳазҭоу ашықәс бжьымз рыла афонд иҭалаз аԥара 33 миллион рыла иагханы иаауеит, ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны иугозар.

Гәылариа иажәақәа рыла, афонд аус ауеит ауалқәа рыргьежьра аганахьала.

"Абыржәтәи аамҭазы 120 инареиҳаны аиҿкаарақәа аинкассатә напынҵақәа рыҭоуп иааидкыланы 31 миллиони 531 нызқьи мааҭ рыхә ала", - иҳәеит Гәылариа.

Афонд аԥара азымхара амзызқәа ируакны Гәылариа иаликааит атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара ацларагьы.

"Лаҵарамза инаркны атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлеит 44 685-ҩык рҟынтә 46 032-ҩык атәылауаа рҟынӡа. Уи адагьы урыстәылатәи атәанчахәы аиураҿы мап зцәыркыз рхыԥхьаӡара иацлеит, ус анакәха аԥсуа тәанчахәы иацҵаны изаушагьы еиҳахоит", - ҳәа ациҵеит афонд аиҳабы. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0