COVID-19 зыхьуа ҩыџьа Аԥсны атәылауаа Дагомысҟа рыхәышәтәразы иргеит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантинный центр в Коммунарке
Карантинный центр в Коммунарке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа иахьатәи аамҭазы акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 308-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 117-ҩык ргәы бзиахахьеит, 4-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз ззышьақәыргылоу Аԥсны ауааԥсыра ҩыџьа Дагомысҟа рыхәышәтәразы ииагоуп, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла атестқәа ззыҟаҵаз 67-ҩык рахьтә акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп 13-ҩык ауааԥсыра.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп COVID-19 зыхьуа 19-ҩык апациентцәа.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни шеилацәахьаз ала, акоронавирус зыхьыз Аԥсны зыԥсы зшьо атуристцәа реиԥш Аԥсны атәылауаагьы, иаҭаххар, Краснодартәи атәылаҿацә амедицинатә усбарҭақәа рахь рыхәышәтәразы ирышьҭуеит. 

Уаанӡа адырра ҟарҵахьан Дагомыс иҟоу аҿкычымазаратә хәышәтәырҭа №2 аҟны корпуск Аԥснынтәи апациентцәа рыдкылара иазыхиоуп ҳәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0