Онлаин-маҵзура Аԥсны аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа иҭаларазы иазыҟанаҵоит

© Foto / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОнлаин-маҵзура Аԥсны аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа иҭаларазы иазыҟанаҵоит
Онлаин-маҵзура Аԥсны аушьҭымҭацәа Урыстәыла аҵараиурҭақәа иҭаларазы иазыҟанаҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари апроект Россотрудничество аус аднаулоит Амилаҭтә программа "Урыстәылатәи Афедерациа ацифратә економика" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, нанҳәа 28 - Sputnik. Арҵаратә онлаин-маҵзура "Урыстәыла аҵара ҵа!" аусура иалагоит сынтәатәи ҭагалан азы, уи аҳәаанырцәтә абитуриентцәа, Аԥснынтәиқәагьы убрахь иналаҵаны, ирыцхраалоит урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵарақәа рҿы.

Абитуриентцәа алшара роуеит ашколтә программа иалоу ихадоу амаҭәарқәа рзы аонлаин-курсқәа рҿы аҽазыҟаҵара, иаку аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рҽырзыҟаҵаразы иактуалтәу аматериалқәагьы убрахь иналаҵаны.

Курсцыԥхьаӡа еиуеиԥшым ацифратә дҵақәа рыла ишьақәгылоуп: аинтерактивтә презентациақәа, авиртуалтә лабораториатә усурақәа, иаку аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рҽырзыҟаҵаразы атренажиорқәа. Абарҭқәа зегьы аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵарақәа ргәаԥхартә, алҵшәа бзиа аадырԥшыртә иҟанаҵоит. 

"Наҟ-наҟ иреиҳау аҵара анроулак, ҳара ҳақәгәыӷуеит урыстәылатәи ауниверситетқәа роушьҭымҭацәа досу  ртәылақәа рекономика аусхкқәа зегьы рҟны хәарҭара зауша зус иазҟазоу ауаа ракәхоит ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Шевцов.

Аҵаратә процес ахьынӡацо алахәылацәа еснагь арҵаҩцәеи аметодистцәеи рхылаԥшлоит, урҭ рҟынтәи иҵегьы адҵақәа роулоит, досу иҭахрақәеи, идыррақәа рыҩаӡареи, дзызҿлымҳауи ирхьырԥшны.

Онлаин-маҵзура аԥызҵаз: Аҭыжьырҭа "ФИЗИКОН" – ашколқәа, аколлеџьқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы аелектронтә ҵараиуратә ресурсқәа раԥҵаҩы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0