Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса аҵара-ааӡара иазызкыз Илиа Канџьариа

© Foto / из личного архива Илиа Канџьариа
Илиа Канџьариа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса Гагра араион аҵарадырра иазызкыз, Жәлар рфорум раԥхьатәи анапхгаҩцәа иреиуаз Илиа Ефим-иԥа Канџьариа. Аҩыза изы ажәа рҳәеит акраамҭа аус ицзухьаз, ибзиаӡаны дыздыруаз иҩызцәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

50 шықәса иалагӡаны Илиа Канџьариа аҵарадырра аганахьала еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәгауа аус иухьан: Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҵара аҟәша деиҳабын, директорс дыҟан Алаҳаӡыхьтәи абжьаратә школ №1, Гагратәи абжьаратә школ №5 ҳәа ианыҟаз рҟны аамҭа-аамҭала, иара убас 13 шықәса Гагра араион аҵара аҟәша дахагылан.

"Илиа Канџьариа иӡбахә аҳәара лаӷырӡыда исылшом. Иара иеиԥш ауаҩы хазына, агәыраз, аҟәыш, амҩақәҵага сара иахьагьы дсыздыруам. Ачымазара хьанҭа дамҽхакны дшыҟазгьы, лассы-лассы аҭел дысзасуан. Сықәра шмаҷымгьы сацәыԥхьашьаӡомызт акы аиазҵаара. Иара иҭак убриаҟара иҵаулан, афилософиа аҵан, уԥсы ҭанаҵы иухамшҭуа. Илиа Ефим-иԥа Канџьариа аибашьра ашьҭахь аметодикатә планқәа аныҟамыз зхала изԥшаауаз, аусбарҭақәа асааҭ ҩбанӡа аус аныруаз иара хәбанӡа ақьаадқәеи апапкақәеи ирыдтәалаз, акраамҭа уалафахәыда зыжәлар рҿаԥхьа зуалԥшьақәа назыгӡоз иакәын. Ас изҟазшьаҷыдароу аԥсадгьыл бзиа избо, зхы иамеигӡо иоуп. Убас ауп наӡаӡа саргьы сгәы дышҭазаауа ари ауаҩ ду", - лҳәеит Илиа Канџьариа Гагра араион аҵара аҟәша данахагылаз ихаҭыԥуаҩс иҟаз Марина Богаева.

Илиа Канџьариа атәылаҿы аҵарадырра арӷәӷәаразы алшарақәа аныҟамызгьы, аидеиа ҿыцқәа ирыдгылоз, ахатәы бызшәа аҿиара иашьҭаз иакәын.

"Илиа Ефим-иԥа агеограф ӷәӷәа ҳәа ззырҳәоз, убас аҭоурых иазҟазаз рҵаҩын. Аԥсшәеи аурысшәеи бзиаӡаны идыруан, ихшыҩҵак аҩ-бызшәак рыла инарҵауланы ианааирԥшуаз, ацәажәара даҟәыҵыр ҳәа ҳшәон. Зегь рыла дҿырԥшыган. Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабыс даныҟаз ашколқәа рдиректорцәа ражәа дазыӡырҩуан, аҵаратә процесс иахәоз аԥшьгарақәа адгылара риҭон. Знызаҵәык ибжьы ҭыганы исмаҳацызт, иажәа раӡан", - аҩыза дигәалашәоит аибашьра ашьҭахь иаартыз Гагратәи абжьаратә школ №1 директорс иҟаз Валери Орчыҟәба.

© Foto / из личного архива Илиа Канџьариа арҵаҩцәа рыгәҭа
Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса аҵара-ааӡара иазызкыз Илиа Канџьариа - Sputnik Аҧсны
Илиа Канџьариа арҵаҩцәа рыгәҭа

Илиа Канџьариа аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалаз активистцәа дреиуан. Жәлар рфорум раԥхьатәи анапхгаҩцәа дыруаӡәкын.

"Ақырҭуа милаҭ Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, ҳажәлар ринтересқәа зыхьчоз, ҿы ӷәӷәала ҳагәҭахәыцрақәа зҳәоз ахацәа нагақәа рыгәҭа дгылан. Усҟантәи аамҭазы Илиа Ефим-иԥа апедагогикатә ус инапы алаикхьан азы, ашкол аҿы ахәыҷқәа аԥсуа идеологиа рылаирҵәон", - ҳәа азгәаиҭеит Русҭан Канџьариа.

Илиа Канџьариа ҳтәылаҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь раԥхьаӡакәны араионтә спартакиадеи амаҭәартә олимпиадақәеи рымҩаԥгара хацзыркыз иоуп. Иара ибзоурала ашколқәа жәпакы рҿы иаартуп аетнографиатә класс-музеиқәа, еиуеиԥшым акурсқәа.

35 шықәса инареиҳаны Илиа Канџьариа дашьҭан, иагьышьақәиргылеит Канџьариаа абиԥарақәа ааба рхылҵшьҭра (древо). Аиашьара-аижәлантәқәа еиҳабыс дырхагылан. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа дыргәылаланы иԥшааит Канџьариаа рыжәла адамыӷ, агерб, абираҟ. Илиа Ефим-иԥа авторс дамоуп ижәла агимн.

© Foto / из личного архива Илиа Канџьариа
Иԥсҭазаара далҵит 50 шықәса аҵара-ааӡара иазызкыз Илиа Канџьариа - Sputnik Аҧсны
Илиа Канџьариа

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0