Аҵара аминистрра: 2500-ҩык актәи акласс аҵаҩцәа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 1 азы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ рахьтә 152 аатит, аҟәатәи абжьаратә школ №6 акарантин аҿы иҟазаауеит цәыббра 7 рҟынӡа.

АҞӘА, цәыббра – Sputnik. Ҩ-нызқьи бжаки инареиҳаны актәи акласс аҵаҩцәа Аԥсны ашколқәа рахь ицеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.

"Ари ахыԥхьаӡара макьана цәыббра 15 рҟынӡа аҽаԥсахлоит, актәи аклассаа рсиа иацлалоит азы", - ҳәа иҳәеит иара. Қәҭелиа иара убас иазгәеиҭеит цәыббра 1 азы Аԥсны иҟоу 153 абжьаратә азеиԥшҵараиуратә школ рахьтә 152 шаатыз, аҟәатәи абжьаратә школ №6 акарантин аҿы цәыббра 7 рҟынӡа ишыҟазаауа.

Нанҳәа 17 рзы Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

Первое сентября  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашколқәа рҿы аҵарашықәс иалагеит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, аспорттә секциақәеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Ашколтә каникулқәа хәажәкыра 30-нӡа инахеит, аха аҵарашықәс ацҵара уаҳа изалмыршахеит аԥкрақәа иахьрыцҵахаз инамаданы. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа заҵәык роуп аԥышәарақәа раҭара зылшаз.

Ԥхынгәы 1 инаркны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа аусура алагара иақәиҭыртәит.

Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ԥышәарада ирыдыркылеит адкыларатә комиссиа аӡбарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0