Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацнаркуеит

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭа аҳаблаҿы инхо Беслан Сергьегьиа хынтә Алаҳаӡы ақыҭанхаҩы А.Оганиан иҩны дақәланы дыпҟаны ирҳәит, ахынтә раан ииҭаз ааха иахҟьаны аԥшәма иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан инхо Беслан Сергьегьиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит

Сергьегьиа харас идырҵоит зшәагаа дуу аӡәы имазара ихатәитәырц азы ақәыларазы, анхарҭа ҭыԥ дыҩналаны аԥшәма ааха иҭаны аӷьычразы, изакәанымкәа абџьар аҵәахразы, ихьшәашәоу абџьар убрахь иналаҵаны, анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыҵәахразы урҭ наҟ-наҟ рыҭира хықәкыс имамкәа.

Ходатайство следствия об аресте водителя автобуса В. Тихонова в Басманном суде - Sputnik Аҧсны
Ҩажәа нызқь зыхҭынҵоу аԥсра: Гагра иҿаҵаз ауаҩшьразы азыӡба рыдыркылеит

Ахара здырҵо ауаҩԥсы ԥхынгәы 7 рзы Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан инхо А.Оганиан иҩны изакәанымкәа дыҩналан, афирма "Samsung" иатәу зыхәԥса 17920 мааҭ иҟоу апланшет иӷьычит.

Ԥхынгәы 26 2020 шықәса рзы атапанча иманы Сергьегьиа Оганиан иҩны ҩаԥхьа дыҩналеит, уи дыршәаны аԥара ииҭарц иеиҳәеит. 5000 мааҭ аниоу, дыбналеит. Адырҩаҽны, ԥхынгәы 27 рзы Сергьегьиа абџьар иманы Оганиан иҩны деиҭаҩналеит. Оганиан иԥҳәыси иареи ицәыбналарц иалагеит, аха Сергьегьиа итапанчала дреихсын, Оганиан иқәшәан, дишьит. Сергьегьиа 24000 мааҭ аԥара иманы дыбналеит.

Ашьаусԥшаара иара убас Бзыԥҭа ақыҭан инхарҭа иаҵанакуа аҵакыраҿы ирыԥшааит заарыхра ҟамло алада-краснодартәи аныцә ашьапқәа 12. Хаҭалатәи игәаҭараан Сергьегьиа имырхит анаркотикатә маҭәарашь амарихуана зеиԥш капанла 0.491 грамм.

Ашьаус аҭҵаара иалагеит Гагра араион апрокуратура. Сергьегьиа даанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0